1930-тәи ашықәсқәа рзы амандаринеи агреипфрути рҟынтәи иаԥҵаз уи америкатәи аналог иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, аԥснытәи минеола — ари амандаринеи апаҭырқали реилаҵарала иҟалаз ахкы ауп.
Асорт алихит ареспублика атәылауаҩ Гран Кесиан, ҳәа адырра ҟанаҵоит Sputnik - Аԥсны.
Уи ибаҳчаҿы ирызҳауеит 60 шьапы инарзынаԥшуа иарбоу ашәырхкы зҿало аҵлақәа — макьаназы уи аҩыза атәылаҿы уаҳа џьаргьы иҟаӡам. Ашәыр адгалара мҩаԥигеит Аԥсуа Аиашахаҵаратә Уахәама амаҵзуҩы Бадра Делба. Уи иажәақәа рыла, ари ашәыр акыр ибеиоп авитаминқәа B, C, кали, магни, уҳәа рыла. Минеола ацәа акьакьара иабзоураны апатырқал аасҭа ацәҵаара еиҳа еиӷьны иахнагоит, уи аҭыԥантәи аклимат азы даараӡа акыр аанагоит.






