Иналукааша шәбаҩхатәра, ихаракӡоу шәыпрофессионализм, аҟазара шәазыҟазаашьа ирыбзоураны адунеи аҟны шәеицырдыруа шәҟалеит. Шәара шәырҿиарала Ҳаԥсадгьыл ахьӡ ҭыжәгоит, Аԥсны жәлар рзы гәадураны шәыҟоуп.
Ҷыдала иазгәаҭатәу ауп Аԥсназы аҵак ду змоу акультуратә хҭысны иҟалаз жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль «Хыбла Герзмаа шәаалыԥхьоит…». Абри афестиваль иабзоураны Аԥсны жәлар реиԥш, асасцәагьы авокалтә ҟазара ҳаракы аҽалархәразы алшара рымоуп, аԥсуа сценаҟны иқәгылоит адунеи аҟны иеицырдыруа амузыкантцәа.
Акрызҵазкуа абри амш аҽны ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, еицакра зқәым арҿиаратә гәазыҳәара, аихьӡара ҿыцқәа».






