АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Ԥхынҷкәын.2025

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аахыҵ Кавказ иҟоу аҭагылазаашьазы Урыстәыла иааннакыло апозициа хьаҳәхьачарада иадгылоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова «Sputnik Қырҭтәыла» аинтервиу аҭо Аахыҵ Кавказ, ҷыдала Қырҭтәыла, аганахь ала Аҩадатлантикатәи алианс имҩаԥнаго аполитика аҭагылазаашьа ашьақәҟьара алзыршо аҟазшьақәа амоуп, арегионалтә шәарҭадаразы ацәшәара дуқәа ацуп ҳәа илҳәаз хшыҩзышьҭрала, еилкаарыла иазнеиуеит.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа ахҳәаа ҟаиҵеит. Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит ареспублика иҟоу аибарххара ҭынч мҩала аӡбаразы арегионалтә процесс алахәылацәа зегьы рыбжьара ишиашоу, зинла еиҟароу адиалог иалгылоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Аахыҵ Кавказ, ҷыдала Қырҭтәыла, аганахь ала Аҩадатлантикатәи алианс имҩаԥнаго аполитика аҭагылазаашьа ашьақәҟьара алзыршо аҟазшьақәа амоуп, арегионалтә шәарҭадаразы ацәшәара дуқәа ацуп ҳәа инарҵауланы, иҵаҵӷәыркны иҟаҵо ахәшьара апринциптә дгылара азааҳарԥшуеит. Иҿымцәаауа аимакқәа рзонақәа рзааигәа арра-политикатә блокқәа рыҟазаара арҭбаара ҭоурыхла ишьақәнарӷәӷәоит амарара аҟамзаара, аҭышәынтәалара арӷәӷәарахь акәымкәа, аиҟәшаратә цәаҳәа ҿыцқәа раԥҵареи аиҿагыларатә лшарақәа реизҳареи рахь укылнагоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра, ақырҭуа арратә агрессиа атрагедиа иахысыз исуверентәу ҳәынҭқаррак аҳасаб ала, хатә ԥышәала еилнакаауеит Қарҭ ареваншисттә гәазыҳәарақәа ирхылҿиаауа ашәарҭара, урҭ аблок ҭшәақәа ринтересқәа ирышьҭашәарыцо адәныҟатәи амчқәа рганахьала иақәнагам адгылареи агәазыҟаҵареи роур алшоит. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп арегион иацәтәыму астандартқәеи ашәарҭадаратә модельқәеи рыдгалара ажәларқәа ргәы ззыҳәо рыҿиарамҩақәа рхала ралкаареи Аахыҵ Кавказ еиҟароу, иузеиҩымшо ашәарҭадара архитектура аицеиҿкаареи рсуверентә зин шыҵнашәаауа.

Инаҵшьны иазгәаҳҭоит, ҳзеиԥш регион аҿы акраамҭатәи аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзы иҟәыӷоу шьаҭаны ишыҟоу амчратәи аблоктәи знеишьақәа мап рыцәкра, аҳәынҭқаррақәа зегьы рсуверенитети рҵакыратә акзаареи наҟ-ааҟ пату рықәҵара, иара убас арегионалтә процесс алахәылацәа зегьы рыбжьара ишиашоу, зинла еиҟароу адиалог. Аԥсны Аҳәынҭқарра хьаҳәхьачарада ас еиԥш адиалог иадгылоит, уи аконструктивтә лагалагьы алагалара иазхиоуп», -ҳәа иаҳәоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахьӡала аминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.


Read 51 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.