Аԥсны Апарламент актәи аԥхьарала асеиԥш ариашарақәа аднакылеит.
Азакәан апроект адкылара ахымԥадатәра зыдҳәалоу аенергетикатә усхк аҟны иҟоу аҭагылазаашьа уадаҩ, афымцамч ахәԥса аизгара алаҟәра, афымцамч ахә ахшәааразы азинҷыда змоу рхыԥхьаӡара ахьырацәоу ауп.
Иааизакны альготақәа змоу рзеиԥш хыԥхьаӡара — 7227-ҩык рҟынӡа инаӡоит.
Убри аан адепутатцәа зыԥсҭазаара иалҵыз аррамаҵзурауааи, апрокуратура аусзуҩцәеи, аҳазалхратә усбарҭақәа рмаҵурауааи рҭаацәарақәа рзы альготақәа шыҟац ааныжьразы ажәалагала ҟарҵоит.






