Аусеилыргара аматериалқәа инарықәыршәаны, Агрба Алик Руслан-иԥа, ЗҲәА «СП Путь-А» адиректор Хаданы даныҟаз, цәыббрамза 7, 2019 шықәсазы ЗҲәА «СП Путь-А» Акционертә Еилазаара «Урыстәылатәи Аихамҩақәа Ахәаахәҭратә ҩни» рыбжьара аилаӡара бжьаҵан. Иарбоу аконтракт ала Аԥснытәи аихамҩақәа рзы иаахәан зыхәԥса 18 млн 13 нызықь 969 мааҭ рҟынӡа инаӡоз зхархәара аҽҳәара цахьаз афымцадәыӷба авагонеиԥшьырақәа ҩба.
Уажәы Арбитражтә ӡбарҭа аҿы ЗҲәА Еилаху Анаплакы «Путь-А» АУН «Аԥснытәи аихамҩақәа» аҟынтәи ауали нанҳәамза 1, 2019 шықәсазы ибжьаҵаз аагаразы аиқәшаҳаҭра ала 34 млн. 46 нызықь 401 мааҭ рҟынӡа инаӡо ахырԥаԥсеи аршәаразы иаланаҵаз азашра аусеилыргара мҩаԥысуеит.
Иарбоу ашьаусеилыргарала заанаҵтәи аусҭҵаара иацҵахоит.






