Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара ашьаҟамҩақәа хаҳәцәыла ачаԥара иазку аусурақәа ирыцнаҵоит. Уажәазы аусурақәа хыркәшоуп Гәлиа имҩа, «Аԥсныфармациа» азааигәара иҟоу ашьаҟамҩа аҿы. Џьонуа имҩала аусурақәа ирыцҵахоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара асаит.
Гәлиа имҩа аҟынтәи Арӡынба имҩа аҟынӡа аусурақәа хыркәшоуп, Аиааиреи Лакобеи иемаздо амҩа ахәҭак аҿы аусурақәа мҩаԥысуеит.
Аиааира амҩаду азганк ала, Пушкин имҩаду аҟынтәи Академик Марр имҩаду аҟынӡа (абжьаратәи ашкол №10 азааигәара) ашьаҟамҩа хаҳәцәыла ачаԥара хыркәшоуп, Амҩаду егьи аганахьала аусурақәа уажәазы ихыркәшамкәа иаанханы иҟоуп. Урҭ рхыркәшара азԥхьагәаҭоуп жьҭаарамза нҵәаанӡа.