«Иара иԥсаҭазаара Аԥсны иахҭниҵеит. Иара есымша хацәнымырха Аԥсны аинтерессқәа ихьчон, аха убри аан Урыстәыла аҩыза иашаны дыҟан, ҳажәларқәа рыбжьара астратегиатә аиашьаратә еиҩызара дадгылон», - ҳәа иҳәеит Сергеи Кириенко.
Уи иара убас 1999 шықәсазы хаҭала Владислав Арӡынба иҿцәажәара инаҭаз анырра игәалаиршәеит.
«Владислав Григори-иԥа ҩбара зламыз уаҩын. Ииашоуп, уи дыџьбаразар ауан, аха есымша даартын. Акы дақәшаҳаҭымзар, иаартны иҳәон уи мзыс иамоу атәы. Иара хьаҳәхьачарада ипозициа анааирԥшуаз уи умбар залшомызт. Уи гәынхәҵысҭала дцәажәаӡомызт, игәамԥхаз иаартны иҳәон, убри аан уи ҵаҵӷәыс иамазгьы ааирԥшуан. Аинтрига ыҟаӡамызт», - ҳәа иҳәеит Сергеи Кириенко.






