Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны 100 шықәса инареиҳаны зҵазкуа аамҭахәҭа иалагӡаны еизгоуп 250 нызықь инареиҳанны аҵәахразы инагоу аекспонатқәа. Ҳара амузеи хазы игоу аекспонатқәа рылацәажәара иацаҳҵоит. Ари аматериал абжьаратәи ашәышықәсақәеи ажәытәӡатәи аҭоурыхи рыҟәша аҟынтәи артефакт – Аллашьҭрахәы аҩхаа аҿы иԥшааз анышәаԥшь иалху амкьаҭ иазкуп.
Амкьаҭ 2009 шықәса рзы археолог А.В. Белошеев Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иаиҭеит. Уи амкьаҭ иԥшааит 1992 шықәсазы Ҟарачы-Черкьессиа аҳәаа иаԥну Аллашьҭрахәы аҩхаа аҿы.
Аҳәынҭқарратә музеи адиректор Аркади Џьопуа ари аекспонат атәы еиҭеиҳәеит.
Амкьаҭ арԥшьшьаратәуп, ацәҩежь-цәҩабжь ԥштәы змоу анышәаԥшь иалхуп. Амкьаҭ ииаалоу амаақәа аман, урҭ рыхәҭак ыӡхьеит. Анышәаԥшь аӡа аҿы хцәаҳәакны ианԥыҟҟалаз илақьҭо аформа змоу аорнамент убаратәы иҟоуп. Амкьаҭ «ажәҩахырқәа» рыла ҩ-цәаҳәакны ицо иара убас анышәаԥшь аӡа аҿы нацәхыԥла иҟаҵоу аҭарҽыларақәа рыла арӷазда алдоуп. Амкьаҭ ахәы аҟаҵашьагьы даара аинтерес аҵоуп: уи ҟаҵоуп ипоу, здиаметр 1,5 см. рҟынӡа инаӡо, еиԥшны иаакәыршаны еихаԥсоу, анышәаԥшь иалху амахәаҷа асахьа змоу ауалырмаҟақәа рыла. Адәахьала урҭ илгәыгәны иҟоуп, ахыхырҷара еиԥшуп, аха аҩныҵҟала – еизаданы иҟоуп.
Аркади Џьопуа иажәақәа рыла, ари еиԥшу амкьаҭ ахәы аформа аҟаҵашьа атехника уԥылоит Алада-Мраҭашәаратәи Кавкази Кавказ иаԥну Абжьаратәи Аҵакыреи аџьаз епоха азы ахархәара змаз амкьаҭқәа рҿы. Иара убас арҭ амкьаҭқәа ихьшәоу аџьаз епоха аҵыхәтәантәи аамҭахәҭа иаҵанакуа "Шушук" ҳәа изышьҭаз аимышьҭра ркыцӡрытә комплекс алкааратә ҷыдараны иҟоуп. Ареспублика Адыгеиа Амилаҭтә музеи аколлекциаҿы иҟоуп абри аҩыза атехника ала иҟаҵоу амкьаҭқәа.
Ас еиԥш иҟоу аҟаҵара атехнка еиуеиԥшым аформақәеи ашәагаақәеи змаз, зхы адиаметр 7 см. инаркны 20 см. рҟынӡа иҟаз амкьаҭқәа рыҟаҵараан ахархәара аиуон. Анаҩстәи апротомеоттә аамҭахәҭа азы Алада-Мраҭашәаратәи Кавказ аҿы еиԥшу аорнамент змоу амкьаҭқәа лассы-лассы иуԥылоит.
Ҟарачы-Черқьессиантәи Аԥсныҟа ахыҵхырҭа азааигәара иҟоу Аллашьҭрахәы аҩхаа аҿы иԥшааз амкьаҭ иҟалар алшоит Кавказ иаԥну Абжьаратәи Аҵакыра аҿы ихьшәоу аџьазтә епоха азы иҟаҵазҭгьы. Ари аԥшаамҭа усҟантәи аамҭазы Кавказ Ду аҩхаақәа рҿы наҟ-ааҟтәи аимадара шыҟаз арҵабаргуеит.