Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Асҭамыр Аршба хаҭала игәаҭараан ихала ицәыригеит аполиетиленттә рзақә. Уи иагәылан зыҩныҵҟа ишкәакәоу аххыраԥшра змоу амаҭәашьар зҭаз афольгатә еилаҳәара.
Асҭамыр Аршба иажәақәа рыла, аилаҳәара иагәылоуп анаркотикатә маҭәашьар «метадон».
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аексперттә Криминалтә Центр аексперт иҟаиҵаз алкаа инақәыршәаны, иарбоу амаҭәашьар зыкапан 1,189 г. ыҟоу, «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар ауп.
Ари аус азы аматериал аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусеилыргаратә усбарҭа ахь ииагоуп. Асҭамыр Аршба аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусеилыргаанӡатәи аамҭалатәи аԥхьакырҭа ахь днагоуп.






