АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Абҵара.2025

Аминистр Баҭал Мышәба Апарламент аҿы аенергетика Аминистрра аусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит.

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аенергетика аминистр Баҭал Мышәба иԥылара Жәлар Реизара-Апарламент аҿы имҩаԥгаз «аиҳабыратә сааҭ» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит. Аиԥылараҿы аенергетика ахырхарҭа аҭагылазаашьеи аӡын аамҭа ҳахьынӡазыҟаҵоуи алацәажәара мҩаԥысит. Уи мҩаԥигеит аекономикатә политика, арефомақәеи аинформациатә технологиақәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Резо Занҭариа.

Аиԥылара аартуа, аекономикатә политика, ареформақәеи аинформациатә технологиақәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Резо Занҭариа аенергетика Аԥсны аекономика аҿиаразы ихадоу усхкны иҟоуп ҳәа иазгәеиҭеит. 

«Ҳара зегьы иаадыруеит уи аҭагылазаашьа атәы. 2023-2024 шш. рзы аенергетика даара иуадаҩыз аҭагылазаашьа ыҟан. Ҳара, адепутатцәа раҳасабала, иаҳдыруазар ҳҭахуп, иааизакны аенергетика аусхкы аҿиара аперспектива зеиԥшроу. Ҳара ҳалацәажәар ҳҭахуп иахьа аус зуа «Аенергетика азы» азакәан иҟоу аҭагылазаашьа иахьынӡақәшәо, уи атәыла иҭышәынтәаланы иааиԥмырҟьаӡакәа афымцамч ала аиқәыршәара иахьынӡаацхраауа», – ҳәа иҳәеит Резо Занҭариа.

Аенергетика аминистр Баҭал Мышәба адырра ҟаиҵеит  ҳазҭоу ашықәс 10 мыз рыла Аԥсны афымцамч ахархәара 1 млрд. 900 млн. кВт/с рҟынӡа инаӡоит, уи иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны 65 млн. кВт/с рыла еиҵоуп.

«Арҭ арбагақәа иаадыԥшуеит Аԥсны аҩныҵҟа афымцамч ахархәара шеиҵахаз, уи аҵыхәтәан ашықәсан ишьақәгыло адефицит ашәагаа ианыруеит. Ари аҩыза адинамика ыҟоуп аҵыхәтәантәи хы-шықәса. Иҳаҩсыз ашықәс азы аҩныҵҟатәи ахархәара  200 млрд. 430 млн. кВт/с рҟынӡа инаӡазар,  2023 шықәсазы ахархәара  3 млрд. кВт/с рҟынӡа инаӡеит»,  – ҳәа адырра ҟаиҵеит  аминистр.

Ҳазҭоу ашықәс раԥхьатәи 10 мыз рыла Аԥсны афымцамч азы аԥара 53,6% еизган, уи иахьатәи аенергетикаҿы ихадоу финанстә хыҵхырҭоуп. Аиуристтә хаҿқәа рыла – уи 78,4% рҟынӡа инаӡоит, хазхаҭалатәи ахаҿқәа рыла – 36,7% рҟынӡа инаӡоит. Аҵыхәтәантәи ԥшьымз рыла ашәатәқәа реизгара 65% рҟынӡа инаӡеит.

Аминистр иара убас «Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵала Аԥсны еиҳа иуадаҩу ҭагалан-аӡынтәи аамҭахәҭа излауа ала иҭышәынтәаланы, аамҭа-аамҭала алашара арцәарада иахысырц азы, заанаҵы нанҳәамза инаркны Урыстәылантәи афымцамч акоммерциатә аашьҭра аахәара иалагеит», ҳәа иазгәеиҭеит.

«Амшынеиқәафымцамч» афымцамч ахархәаразы иаиуз ашәатәқәа зегьы зыхәԥса аицҵалыҵ 260 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо   86,7 млн кВт/с акоммерциатә афымцамч аашьҭра аахәарахь идәықәҵахеит.   

«Убри иабзоураны абҵарамза акы азы Џьвартәи аӡеизакырҭа аҿы аӡы аҩаӡара иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы иҟаз аҩаӡара аасҭа 56 метр рыла еиҳахеит», –  ҳәа иҳәеит Баҭал Мышәба.

Резо Занҭариа аминистр аенергетика азы азакәан дышԥахәаԥшуеи, уи џьара акала аиҭакрақәа ралагалара аҭахны ибома ҳәа азҵаара ииҭеит.  

Баҭал Мышәба азҵаара аҭак ҟаҵо, иҟоу азакәан ишьаҭаркуп уи анагӡара хымԥадатәуип, аха уи атехникатә агха-ԥхақәак амоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

2004 шықәса инаркны 2014 шықәсанӡа АУН «Амшынеиқәафымцамч» напхгара азҭоз  адепутат Резо Занҭариа игәаанагарала, иарбоу азакәан ахәҭаҷқәа жәпакы анагӡара залыршахом ҳәа иазгәеиҭеит.

Аминистр иара убас аҵыхәтәантәи  5 мыз рыҩныҵҟа аенергетика Аминистрра амуниципалтә хатәраҿы иҟаз аенергетикатә обиектқәа зегьы иаку аоператор абаланс ахь иианагеит ҳәа адепутатцәа адырра риҭеит.

Убас, ааигәа амуниципалтә наплакы «МаҳадырАӡфымцамч» абаланс ахь ииагоуп.

«Цандрыԥшь 5 нызықь инареиҳаны «Амшынеиқәафымцамч» аобонентцәаны иҟан, аха Амуниципалтә Унитартә Наплакы «МаҳадырАӡфымцамчи» дареи аиқәшаҳаҭратә еизыҟазаашьақәа рыман.

«МаҳадырАӡфымцамчи» абжьарамзатәи ашәатәқәа 200 – 300 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон, убри аан 15 млн. мааҭ рыхәԥса  афымцамч нагахон.

«Ԥхынгәымза инаркны «Амшынеиқәафымцамч» шьҭа инагӡаны цандрыԥшьтәи абонентцәа аус рыдулара мҩаԥнагоит. Ԥхынгәымзазы ҳара еизаҳгеит  3 млн. мааҭ, нанҳәамзазы - 7 млн. мааҭ, цәыббрамзазы - 6,5 млн. мааҭ», - ҳәа иҳәеит Баҭал  Мышәба.

Резо Занҭариа иҳаҩсыз ашықәс азы аенергиа азымхара  арбагақәа ааигеит.

Афымцмч адефицит алагеит 2016 шықәса инаркны, уи  139 млн.  кВт\с. рҟынӡа инаӡон, 2017 шықәсазы  –  218 млн. кВт\с.,  2018 шықәсазы –  231 млн. кВт\с.,  2019 шықәсазы –  303 млн. кВт\с,  2021 шықәсазы –  1 млрд кВт\с., 2022 шықәсазы –  939 млн. кВт\с.,  2023 шықәсазы – 780 млн. кВт\с,  2024 шықәсазы – 650 млн. кВт\с., убри аан асааҭқәа рыла аамҭа-аамҭалатәи афымцамч арцәара мҩаԥысуан.

«Иахьа ҳара еилаҳкаауеит, адефициат шыҟоу, урыстәылатәи афымцамч ахә ҳшәоит. Адефицит аԥыхразы иҟаҳҵахьоузеи? Урыстәыла мацара афымцамч аахәара? Асоциалтә афымцамч аашьҭа ҳазыԥшуама, аха уигьы 2027 шықәсазы инҵәоит? Аенергетика Аминистрра аҭагылазаашьа арҽеиразы уснагӡатәқәас имҩаԥнаго арбан? Аӡфымцатә станциақәа реиҭашьақәыргылара аганахьала аенергетика аҿиара аперспективақәас иҟоузеи?» – ҳәа дҵааит Резо Занҭариа.

Баҭал Мышәба  адепутатцәа аенергетикатә усхкы аҿиаразы иамоу агәаанагара ирзеиҭеиҳәеит.

«Раԥхьа инаргыланы, иҟоу азакәанԥҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны, ақьыратә еизыҟазаашьақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны атәылаҿы иҟоу афымцамч ахыҵхырҭақәа рымчхара аиҭашьақәыргылара. Ас еиԥш ааԥхьарақәа ыҟан. Иҟоуп қьырала игоу афымцамч ахыҵхырҭақәа рымчхара аиҭашьақәыргылара, афымцамч аашьҭра, анаҩс уи аҭира иазхиоугьы. Иҩбахаз – иҿыцу афымцамч ахыҵхырҭақәа раԥҵара, еиҭашьақәыргылоу ахыҵхырҭақәа рышьаҭалагьы уахь иналаҵаны», - ҳәа иҳәеит аминистр.

Резо Занҭариа асоциалтә афымцамч аашьҭра анхыркәшахалак акоммерциатә хәыԥсақәа рыла афымцамч аахәара абиуџьеи ӷәӷәала ақәыӷәӷәара анаҭоит ҳәа иазгәеиҭеит.

Адепутат Резо Занҭариа иара убас  2022 – 2026 шш. аенергетика аиҭашьақәыргылараазы азԥхьагәаҭаратә хсаала нагӡамкәа иаанхеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.  

Афымцамч ахархәаразы атарифқәа рышьҭыхрала 7,3 млрд. мааҭ азоужьрала афымцацәаҳәақәа реиҭарҿыцра азԥхьагәаҭан.

Аминистр иажәақәа рыла, ареспублика аҿы иҟоу аԥаратә хархәагақәа ҳасаб азуны афымцаҳатә нхамҩа аиҭарҿыцра азы иааиԥмырҟьаӡакәа аусура мҩаԥысуеит.   

«80% афымцаҳақәа ықәсхьеит, «Амшынеиқәафымцамч» иаиуо аԥаратә хархәагақәа знык ала иааизакны ацәаҳәақәа рыԥсахра алнаршаӡом», - ҳәа иҳәеит Баҭал Мышәба.  

Иажәыз аиқәыршәагақәеи афымцацәаҳәақәеи рыԥсахразы, иара убас урҭ роужьҭратә лшара ашьҭыхразы аминистр Баҭал Мышәба иажәақәа рыла иаҭаххоит 12 млрд. мааҭ рҟынӡа.

«Ҳазҭоу ашықәс лаҵарамзазы аудит мҩаԥган, 12 млрд. мааҭ аҭахуп иажәыз аиқәыршәагақәеи иқәсхьоу афымцацәаҳәҿақәеи рыԥсахразы, иара убри аҳа урҭ роушьҭратә лшара аизырҳаразы», – ҳәа иҳәеит аминистр.

Абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь игәаанагарала «атехникатә ҟазшьа ҳмоу аӡбамҭақәак рыдкылара ҟалаанӡа хазхаҭалатәи ахаҿқәа рхы иадырхәо афымцамч азы атарифқәа рышьҭыхра ҟалаӡом». 

«Сара хазхаҭалатәи ахаҿқәа –  шәареи ҳареи ҳтәылауаа рзы атарифқәа рышьҭыхра зынӡа сақәшаҳаҭӡам, уимоу, саҿагылоит. Ҳара араҟа, Апарламент аҿы ҳаилацәажәалоит, аӡбамҭақәак ҳадаҳкылоит. Аиуристтә хаҿқәа рганахьала акәзар, атарифқәа рышьҭыхра азҵаара ҳахәаԥшыр алшоит, аха хазхаҭалатәи ахаҿқәа ракәзар атариф ахьынӡашьҭаҳхыз иазхоит, уаҟа иҟалаӡом, ҳәа исыԥхьаӡоит сара», – ҳәа иҳәеит адепутат.

Уи иара убас Аԥсны 10, 15, 20  шықәса рзы аенергетикатә план аҭахны иҟоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Беслан  Ҳалуашь Апарламент «Амшынеиқәафымцамч» азы  200 млн. мааҭ рҟынӡа адотациақәа азоунажьит, убри аан  40 млн. мааҭ роуп  ахархәара зауз ҳәа иазгәеиҭеит.

Аминистр уи аҭак ҟаҵо иҳаҩсыз ашықәс азы иарбоу аԥаратә хархәагақәа рыхәҭак акоммерциатә фымцамч аахәара ахь идәықәҵан, сынтәагьы 160 млн. мааҭ афымцамч аахәаразы иазырхиоуп ҳәа иҳәеит.  

Адепутатцәа иара убас афымцамч ахархәара ашәагақәа атемагьы иазааҭгылеит.

Баҭал Мышәба иажәақәа рыла, 60 нызықь априборқәа  2026 шықәсазы Аԥсны ашьақәыргылара азԥхьагәаҭоуп.

«23 нызықь прибор инарзынаԥшуа ауадарацәа змоу аҩнеихагылатә нхаратә фонд азы иазԥхьагәаҭоуп, иаанхаз 37 нызықь  – ахатәы нхарҭақәа рзы. Ари апроект макьаназы аус адулара иаҿуп. Апрограмма азы аԥаратә хархәагақәа рыхәшьара комплексла ауадарацәа змоу абнеихагылатә нхаратә фонди ахатәы ҩнқәеи рыла имҩаԥысуеит – 2,5 млрд. мааҭ. аҳақәа рыцны», – ҳәа иҳәеит Баҭал Мышәба.

Аиҳабыратә сааҭ аихшьаалақәа ҟаҵо, Резо Занҭариа, иҟоу азакәанԥҵара инагӡаны аусура ҳәаақәнаҵаӡом, аенергетика анаҩстәи арҿиаразы, агенерациа ашьҭыхразы, афымцаҳатә нхамҩа аҭагылазаашьа аиӷьтәразы аинвестициақәа ралагаларазы алшарақәа ыҟаӡам ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Иара убас аиҳабыратә сааҭ аҿы иалацәажәеит аџьармыкьа аҿы абылтәи ахьшьтәи рыхәԥсақәа рҭышәынтәалара азҵаарагьы.

 

 

 

 

 


Read 19 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.