«Трансформаторк шьақәҳаргылахьеит, хара имгакәа аҩбатәигьы ааҳхәараны ҳаҟоуп. Абасала азеиԥш мчхара 80 МВт рҟынӡа иҟалоит», — иҳәеит Дамир Гамсаниа.
Уи иацҵаны иҳәеит ари аизырҳара имаҷуи ибжьаратәуи абизнес аобиектқәа ралархәразы алшара шаԥнаҵо.
Аҳәынҭқарра Ахада «Амшынеиқәафымцамч» анаплакы анапхгара рҿаԥхьа уснагӡатәны иқәиргылеит амҩа хада арлашаразы азҵаара аӡбара.
Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иҳәеит амҩаҟны аныҟәараан ашәарҭадара алыршаразы акырӡа шаҵанакуа.
«Излауала, хара имгакәа ари ауснагӡатә аӡбара напы ашәыркыроуп», — ҳәа адҵа ҟаиҵеит Бадра Гәынба.






