АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Абҵара.2025

Бадра Гәынба Никарагуа Ареспублика Ахада Даниел Ортега Сааведра Иира амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Аҟәа. Абҵрамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Никарагуа Ареспублика Ахада Даниел Ортега Сааведра 80-шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу Никарагуа Ареспублика Ахада шәхацкы!    Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит 80 шықәса шәхыҵра иазку аиубилеитә рыцхә! Шәара шәыԥсҭазаареи шәусуреи ажәлари Аԥсадгьыли рымаҵ ауразы иреиӷьу ҿырԥшыганы иҟоуп. Ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа Шәара ԥсахрада Никарагуа Ареспублика аинтересқәа рыхьчара шәаҿуп аиашареи, ахьыԥшымреи, асуверенитети рыпринципқәа рықәныҟәарала. 

Шәара шәԥышәеи шәымч-шәылшеи ирыбзоураны атәыла аҿиара амҩа иануп, жәларбжьаратәи аренаҟны апозициақәа есааира ирӷәӷәо, ишәылшо зегьы ҟашәҵоит атәылауаа рԥеиԥш бзиазы. 

Аԥсны ҷыдала ҳаҭырла ишәзыҟоуп Шәара, ҳажәлар ҩызара рзызуа, иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩык иаҳасабала.

Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Аԥсни Никарагуеи ирыбжьоу аиҩызара бзиеи аилибакаареи, иагьҳхашҭӡом Шәара шәтәыла раԥхьаӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхазҵаз атәылақәа ишыруаку», - ҳәа иаҳәоит адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.

Бадра Гәынба Даниель Ортеге агәабзиара, агәамч, ашықәснҵыра ду, Никарагәуа ажәлар реиҳазыӷьара иазырхоу иусура аҿы аиәьӡарақәеи аманшәалареи изеиӷьаишьеит.  

Уи иара убас ари арыцхә лыдиныҳәалеит Никарагуа Ареспублика ацнапхгаҩы, ҳаҭыр зқәу Росарио Мурильо, иара убас атәыла иқәынхо ажәлар зегьы аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьаишьеит.

«Ҳаҭыр зқәу Ахада шәхацкы, гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ақәранҵыра ду, агәамч, Никарагуа ажәлар реизҳазыӷьара ахьӡала аихьӡара ҿыцқәа. Иара убас гәыкала илыдысныҳәалоит ари арыцхә Никарагуа Ареспублика ацнапхгаҩы, ҳаҭыр зқәу Росарио Мурильо, иара убас шәтәыла иқәынхо ажәлар зегьы ирыдыскылоит аҭынчра, аизҳазыӷьара», - ҳәа иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба.  

 


Read 259 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.