Аԥсны аминистрцәа Реилазаара Ақәҵара инақәыршәаны, Беслан Ҷкадуа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҭижьыз Аусԥҟа инақәыршәаны, Беслан Ҷкадуа атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рахь ииасра инамаданы, Аҳәынҭқарратә маҵзура анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ имаҵураҟынтә ихы дақәиҭтәуп.
Аԥсны аминистрцәа Реилазаара Ақәҵара инақәыршәаны, Беслан Ҷкадуа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп.