Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет 90 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә далахәын.
Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҟны иҳәеит:
Ҳаҭыр зқәу Алеко Алықьса-иԥа, аҵарауаа, астудентцәа, аспирантцәа. Гәыкала ишәыдысныҳәалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ԥшьынҩажәи жәаба шықәса ахыҵра!
Аԥсны Аҳәынҭқарра аргылараҿы ауниверситет алагала даара иҳаракуп. Аҵара - лашароуп, аҵарадара – лашьцароуп. Аҿар анаҳааӡа, адырра ҳаракы анраҳҭа, ҳԥеиԥшгьы лашахоит.
Ауниверситет аҿы аус зуа иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәџьабаазы. Ҷыдала иазгәасҭоит аректор, зыхьӡ Аԥсны анҭыҵ акыр инеихьоу аҵарауаҩ Алеко Алықьса-иԥа шәлагаламҭа. Ауниверситет аихьӡарақәа акыр хаҭала Шәара ишәыбзоуроуп. Шәара аԥхьа шәнаргыланы, арҵаҩцәа, аҿар, ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа, аизҳара, аҭынчра.