АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 23:51

Анас Кьышьмариа: афымцамч азы иаарту оферта аиқәшаҳаҭра абонентцәа рзинқәа еиланагоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Анас Кьышьмариа атәыла аԥыза-министр ихьӡала ааԥхьара ҟалҵеит. Аҳәамҭаҿы уи Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» иаланарҵәаз абзазаратә ҭахрақәа рхархәаразы афымцамч анашьҭаразы ауаажәларратә оферта аиқәшаҳаҭра ахархәаҩцәа (аобонентцәа) рзинқәа еиланагоит ҳәа инаҵшьны иазгәалеиҭеит.

Анас Кьышьмариа иҟалҵаз аҳәамҭаҿы иазгәалҭеит, иарбоу аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа «аобонентцәа абжьааԥны ас еиԥш иҟоу аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны ироуа азинқәа афымцамч аиураҿы иҟалар зылшо аиԥҟьарақәеи ишьақәырӷәӷәоу астандартқәа ирықәымшәо афымцамч ахаҭабзиареи рзы, иара убас убри инамаданы ахархәаҩцәа рмазара иаиур зылшо азарали рзы  Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аҭакԥхықәра армаҷуеит, мамзаргьы зынӡа иқәнагоит ҳәа иазгәалҭеит».

Аомбудсмен иара убас иарбоу аиқәшаҳаҭра аобонентцәа рҽаԥхьа азҵаара ықәнаргылоит: ирыдыргало аҭагылазаашьақәа рыдкылара, мамзаргьы фымцалашарада аанхара ҳәа иазгәалҭеит.  Анас Кьышьмариаԥҳа абонентцәа ииашам аԥҟарақәа ирықәшаҳаҭхымхар ауам, ус анакәымха афымцамч рымамкәа иаанхар рылшоит, уи анаплакы амонополиатә ҭагылазаашьала ахархәара ауп ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.

Убри инамаданы, абонентцәа АУН «Амшынеиқәафымцамч» ирыднагало аҭагылазаашьақәа рыла аиқәшаҳаҭра рыбжьарымҵар ада ԥсыхәа змам аҭагылазаашьа иҭагылоит. Ас еиԥш ауснагӡатәқәа, аобмудсмен лгәаанагарала, АУН афымцамч аџьармыкьа аҿы иамоу аԥыжәаратә (амонополиатә) ҭагылазаашьа  ииашамкәа  ахархәара аанарԥшуеит.

Анас Кьышьмариа аԥыза-министр иахь ааԥхьара ҟалҵоит ахархәаҩцәа рзинқәа рыхьчаразы, ари аиқәшаҳаҭра аԥыхзарц, Аунитартә наплаки абонентцәеи реизыҟазаашьақәа аграждантә зин ала еиҿкаазарц. Уи азы аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥгазарц лҳәеит.

 


Read 36 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.