АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Жьҭаара.2025

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Хьыбла Гьерзмааи Владимир Спивакови идикылеит. А

Аҟәа. Жьҭаарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Хьыбла Гьерзмааи Владимир Спивакови идикылеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. 

«Бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит аԥсуа дгьыл аҟны. Шәареи сареи ҳаибадырразы алшара сыман акультура аминистрс сыҟазааран, иара убас Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль «Хьыбла Герзмаа шәаалыԥхьоит» аҳәаақәа ирҭагӡаны…». 

Хьыбла Гьерзмаа ахьӡ ҭылгоит ҳреспублика хәыҷы еиԥш, Урыстәыла дуӡӡагьы. Ари аҵак ду змоу хҭыс дуӡӡоуп. Даҽазныкгьы бзиала шәаабеит, иҭабуп ҳәагьы шәасҳәоит афестиваль алахәразы. Шәара шәаареи шәколлегацәа, иеицырдыруа амузыкантцәа, аоператә шәаҳәаҩцәа раареи ҳара ҳзы гәадуроуп. Сгәы иаанагоит, ари афестиваль аԥсы ҭазаауеит ҳәа, акыраамҭа ҳтәылауаа реиԥш, адунеи зегьы аҟны азыӡырҩцәа агәахәара рнаҭалоит ҳәа», – иҳәеит Ахада.

Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмаа иазгәалҭеит аконцерт апрограмма «Бзиа узбоит, Аԥсҭазаара!» Аиааира 80 шықәса ахыҵра ишазку. 

«Сара сзы насыԥуп Владимир Теодор-иԥа ҳфестиваль анхацыркыз инаркны дахьҳадгылоу азы. Уи иахьагьы дҳадгылоуп. Ари атәылазы, ҳара зегьы ҳзы, хаҭала, сара сзы иҟаиҵо даара ирацәоуп. Иҟаиҵаз рацәоуп сара сышьақәгыларазы.  

Насыԥны исыԥхьаӡоит иахьа, Х-Аԥсадгьыл аҟны, Аԥсы атәылаҟны Аиааира 80 шықәса ахыҵра иазку иџьашьахәу апрограммала аконцерт мҩаԥаҳгараны ҳахьыҟоу. Ҳара ҳзы ари ашықәс акрызҵазкуа шықәсуп. Аконцертқәа рацәаны имҩаԥаҳгараны ҳаҟоуп атәыла зегьы аҟны.  

Сара сзы гәахәароуп, уи сагьазгәдууп Амилаҭтә филармониатә оркестри аҟаза ду Спивакови сахьрыцу, ари апрограмма сахьалахәу. Гәахәароуп сара сзы иахьа сыԥсадгьыл ахь ари апрограмма ссир ахьааргаз», – ҳәа иазгәалҭеит Хьыбла Гьерзмава.

Владимир Спиваков Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит адкыларазы, иазгәеиҭеит аконцерт аҵак ҷыда шамоу.

«Ҳара арахь ҳааит Аиааира 80 шықәса ахыҵра иазку апрограмма ҳаманы. Ари Аиааира Асовет Еидгыла ажәларқәа зегьы алахәын, уи хашҭшьа амаӡам. Аҭынчра зхы ақәызҵаз рацәоуп, ари зегьы аҵанакит. Ари апрограммала ҳахьнеилак зегьы иеиԥшны ирыдыркылоит. Ауаа ҵәыуоит, избанзар уи ргәаҵаҟны инеиуеит», - ҳәа иазгәеиҭеит Владимир Спиваков.

 

 

 


Read 122 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.