АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 22:36

Аконфискациа зызуз ацраҳәабжа Иҷыдоу Арратә Операциа аҭаххрақәа рзы идәықәҵахеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Шәачатәи аҳазалхыҩцәа аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы аҳазалхратә гәаҭаразы иааныркылеит Аԥснынтәи иааз  аш зхарԥоу ацраҳәабжа зцу аидарамҩангагатә автохага.   

Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазалхратә Маҵзура Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аҳазалхратә гәаҭараан фактла иарбоу атранспорттә хархәагеи (ацраҳәабжа) аусшәҟәқәа иарбаз уи азы адыррақәеи реишьашәаламра аарԥшхеит. Аҳазалхратә ҳәаа ахысраан тауарк ала егьырҭ атауарқәа рыԥшра аҭара афакт ала Урыстәылатәи Афедерациа Административтә Зинеилагарақәа Рзакәанԥҵара ахәҭаҷ  16.1 ахәҭа  2 ала административтә усеилыргара хацыркхеит.

Иаанкылаз ацраҳәабжа аӡбарҭа азыӡбала аҳәынҭқарра ахатәраны иазхаҵоуп. Иахәҭоу аусшәҟәқәа реиқәыршәара ашьҭахь аҳазалхра аусзуҩцәа уи иҷыдоу арратә операциа ахьымҩаԥысуа арратә хыдҵақәа рынагӡаразы атәылахьчара Аминистрра ахаҭарнакцәа ирырҭеит.


Read 39 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.