АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Жьҭаара.2022

ЛЕВ КӘЫҴНИА АШЬХА ИАԤНУ ԤСҲӘЫ АҚЫҬА ДАҬААИТ. АБХ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр, аинрал-леитенант Лев Кәыҵниа Аҟәа араион ашьха иаԥну Ԥсҳәы ақыҭа ахь иусуратә ҭаара. Ахылаԥшырҭа иаҵанакуа ақыҭа абылрацәыхьчара-еиқәырхаратә ԥыԥшырҭа анапхгаҩы, амаиор Сергеи Зинченко, аминистр адырра иҭеит инапаҵаҟа иҟоу аҟәшеиҵа аҟны иҟоу аҭагылазаашьа азы.  Ирылацәажәеит ирымоу абылтәы аҵәах ахьҭақәа ҟалаанӡа, асы шьҭалаанӡа ацҵара иадҳәалоу азҵаарақәа.  

Аминистр иарбоу абалрацәыхьчара-еиқәырхаратә ԥыԥшырҭа иамоу иҷыдоу атехника аҭагылазаашьеи хаҭалатәи аилазаара разыҟаҵареи гәеиҭеит.  

Аҭыԥантәи абжьаратәи ашкол аҿы Лев Кәыҵниа аҵраиурҭа аҿы абылрацәыхьчаратә ԥҟарақәа рықәныҟәара шымҩаԥысуа азы ахшыҩзышьҭра ааирԥшит. Атәыла аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа ахада иажәақәа рыла, Ԥсҳәы ақыҭа иҟоу аиқәырхаҩцәа ирыхәҭоу зегьы рыла реиқәыршәара  – иарбоу аиланхарҭатә пункт аҟазаара аҭыԥи анаӡара аҷыдарақәеи ҳасаб азуны уахәаԥшуазар, Аминистрра аусура аҿы ихадоу ахырхарҭқәа иреиуоуп.


Read 348 times - Аԥшьаша, 13 Жьҭаара 2022 15:30
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.