АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Жьҭаара.2025

Хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа аԥснытәи атәанчаҩцәа ртәанчахәқәа рышәагаақәа рышьҭыхразы азакәан апроектқәа ирыхәаԥшит апрофильтә парламенттә Еилакы аҿы.

Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент аҿы  абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы Акомитет аилатәара мҩаԥысит.

Аилатәара иалахәыз иалацәажәеит:

  • «Ареспублика Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат 2026 шықәсазы абиуџьеттә харџьынҵа ашьақәыргыларазы» ақәҵара апроект;
  • Ареспублика Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент 2026 шықәсазы абиуџьеттә харџьынҵа апроект;
  • «Иназыцҵоу ахәԥсазы ашәахтә азы» Ареспублика Аԥсны Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы азакәан апроект»;
  • «Ареспублика Аԥсны аперсоналтә тәанчахәқәа рзы» Ареспублика Аԥсны Азакәан ахәҭаҷ 7 аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроект;
  • Ареспублика Аԥсны хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа атәанчаҩцәа ртәанчахәы ашәагаақәа рышьҭыхразы» Ареспублика Аԥсны Азакәан ахәҭаҷ 1 аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроект.
  • «Иназыцҵоу ахәԥсазы ашәахтә азы» Ареспублика Аԥсны Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы азакәан апроект Аԥсны иҟоу аҳаирбаӷәаза аоператор ила жәларбжьаратәи аҳаиртә ыиагарақәа рымҩаԥгараан аҳәаанырцәтәи аҳаиртә еилазаарақәа рзы инагӡахо амаҵзурақәа рзы Иназыцҵоу ахәԥсазы ашәахтә анольтә қәҵа азакәанԥҵаратә шьақәыргыларазы идәықәҵоуп.

Акомитет иарбоу азакәан апроект актәи аԥхьараҿы адкыларазы иааиуа Жәлар Реизара-Апарламент асессиа аилатәараҿы ахәаԥшразы аӡбамҭа аднакылеит.

  • «Ареспублика Аԥсны аперсоналтә тәанчахәқәа рзы» Ареспублика Аԥсны Азакәан ахәҭаҷ 7 аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроект аперсоналтә тәанчахәы ашәагаа – мызкахьы 13 000 мааҭ рҟынӡа ашьақәыргылара азԥхьагәанаҭоит. Уажәы иҟоу Азакәан ахәҭаҷ 7 аредакциа аҿы аперсоналтә тәанчахәы ашәагаа мызкахьы 12 000 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Иарбоу азакәан апроект адкылара иаҵанакуеит  106-ҩык, урҭ рахьынтә  71 – аперсоналтә тәанчахәы ҳәа ахьӡ рхоуп, 35 зыԥсҭазаара иалҵхьоу аперсоналтә тәанчаҩцәа рҭаацәа.  

  • Ареспублика Аԥсны хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа атәанчаҩцәа ртәанчахәы ашәагаақәа рышьҭыхразы» Ареспублика Аԥсны Азакәан ахәҭаҷ 1 аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроект аус адулара хықәкыс иаман Аԥсны зҽаԥсазтәыз ауаа, иара убас 1992–1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рҭаацәеи асоциалтә дгылара рыҭара.

Азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит есымзатәи атәанчахәытә шәарақәа 2000 мааҭ рыла ашьҭыхра:

  • «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ зху атәанчаҩцәа;
  • Леон иорден занашьоу атәанчаҩцәа;
  • «Агәымшәаразы амедал» занашьоу атәанчаҩцәа.

Иарбоу ауснагӡатә иаҵанакуеит 2420-ҩык ауаа.

Азакәан апроект ала иара убас иазԥхьагәаҭоуп есымзатәи атәанчахәытә шәарақәа 1000 мааҭ рыла ашьҭыхра:

  • 1992- 1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра I, II, III агәыԥ аинвалидцәа;
  • 1992- 1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз рҭаацәа;
  • 1992- 1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра зыԥсҭазаара иалҵхьоу аинвалидцәа рҭаацәа;
  • Жьҭаарамза 1993 шықәса инаркны ԥхынҷкәынмза 1994 шықәсанӡа Ареспублика Аԥсны ахьчараан иҭахаз хатәгәаԥхарауаа рҭаацәа.

Иарбоу ауснагӡа иаҵанакуеит 5010-ҩык.

«Аруаа рыстатус азы» азакәан инақәыршәаны:

  • Аибашьраҿы, иҷыдоу аҭагылазаашьақәа раан, мамзаргьы арратә еизгарақәеи амобилизациатә (атактикатә) арратә зыҟаҵарақәа раан аинвалидра зыхҟьаз ахәрақәа, аконтузиа, агра зауз арезервистцәа рзы 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рзы иазԥхьагәаҭоу атәанчахәы ашәагаа иаҟароу аинвалидра азы атәынчахәы шьақәыргылахоит;
  • Аибашьраҿы, иҷыдоу аҭагылазаашьақәа раан, мамзаргьы арратә еизгарақәеи амобилизациатә (атактикатә) арратә зыҟаҵарақәа раан иҭахаз арезерв аилазаара иалаз арезервистцәа рҭаацәа, иара убас зыԥсҭазаара иалҵыз арезервистцәа иреиуаз аинвалидцәа рҭаацәа рзы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рзы иазԥхьагәаҭоу атәанчахәы ашәагаа 100% рыла иаҟароу  аинвалидра азы атәынчахәы шьақәыргылахоит.

Ари аиҭакра иаҵанакуеит 338-ҩык атәанчахәы зауа.

Иара убас, «Аруаа рыстатус азы» азакәан инақәыршәаны:

  • Аруаҩ аррамаҵура ахысраан иҭахара, мамзаргьы аррамаҵура аҽҳәара ахыркәшара амш инаркны хымз ҵаанӡа агра (ахәра, аконтузиа, ааха) аиура иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз аруаҩ аусуралшара змам иҭаацәа иреиуоу зегьы рзы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рҭаацәа рзы ишьақәыргылахо атәанчахәы ашәагаа аҟынтәи 70% рҟынӡа инаӡо атәанчахәы шьақәыргылахоит;
  • Аррамаҵура ахысраан анаҩс арратә маҵзура ахысра алзмыршо агра (ахәра, аконтузиа, ааха) зауз аруаа рзы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рзы ишьақәыргылоу атәанчахәы ашәагаа аҟынтәи 70% иаҟароу атәынчахәы шьақәыргылахоит.

Уи иаҵанакуеит 116-ҩык атәанчахәы зауа.  

Иааизакны атәанчахәқәа рыцҵара ауснагӡатә иаҵанакуеит 7884-ҩык атәанчахәы зауа.

Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла, акомитет алахәылацәа иааиуа асессиа аилатәара актәи аԥхьараҿы иарбоу азакәанԥҵарақәа рыдкыларазы Апарламент ахь абжьгара аҟаҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь ихантәаҩрала имҩаԥысуаз аилатәара рхы аладырхәит адепутатцәа,  Аҳәынҭқарра Ахада Жәлар Реизара-Апарламент аҿы ихаҭарнак Дмитри Шамба, асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба, Атәанчаҩратә фонд ахантәаҩы  Денис Гәылариа.

 

 

 

 

 


Read 104 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.