Аиԥылара амшхәаԥштә ааигәа иҟалаз ахҭыс иақәшәеит: Жьҭаарамза 7 рзы Жәлар Реизара-Апарламент аҿы ауаажәларратә еиҿкаара «Знамя России» ала еиҿкаахаз жәларбжьаратәи апатриоттә конкурс «Россия – страна героев» аҿы иалахәызи аиааира згази аҳамҭақәа рыҭара мҩаԥысит.
Аҳамҭаҭара аԥснытәи ашколхәыҷқәа иарбоу апроект рылахәхаразы акыр зҵазкуа ароль назыгӡаз Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Вахтанг Голанӡиа игәалашәара иадҳәалахеит.