АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Жьҭаара.2025

Ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа ацхыраара рыҭаразы асистематә механизм аԥҵахоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳаи Жәларбжьаратәи агәыҳалалратә ауаажәларратә еиҿкаара апрезидент Ольга Демичиовеи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Аусшәҟәы анапаҵыҩра ахықәкы хаданы иҟоуп – адгылара зҭаху Аԥсны иҟоу ахәыҷқәа рзинқәеи ринтересқәеи рзы амедицинатә цхыраара аиҿкаара уахь иналаҵаны, асоциалтә адаптациеи агуманитартә проектқәа рынагӡареи рзы алшарақәа реидҵара.

Мактина Џьынџьалԥҳа лажәқәа рыла, аҳәынҭқарреи икоммерциатәым асектори рылшарақәа реидҵара хықәкыла ацхыраара азы аеффективра злоу асистема ашьақәыргылара алнаршоит:

«Зны-зынла азҵаара афинансыркра адагьы аҭаацәеи амедицинатә центрқәеи аспециалистцәеи рыбжьара иҭышәынтәалоу алогистикатә еимадарақәа раԥҵарагьы иадҳәалахоит. Ҳаиҿкаарақәа рылшарақәа, рԥышәеи ркомпетенциеи реидҵарала ҳара еиҳа еффективра аҵаны ахәыҷқәа ацхыраара рыҭара алҳаршоит. Зегьы ирыцку -  акризисттә ҭагылазаашьақәа разхьарԥшра мацара акәымкәа, ареабилитациатә уснагӡатәқәа аеффективра злоу амеханизм аԥҵара, асистематә усура ашьақәыргылара ауп».

Ольга Демичиова «Справедливая помощь Доктора Лизы» азы ас еиԥш иҟоу аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра аусура агеографиа аҳәаақәа зырҭбаауа акыр зҵазкуа шьаҿаны иҟалеит ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.  Аиҿкаара 15-шықәса инареиҳаны агәыҳалалратә усура аԥышәа амоуп, Урыстәылатәи Афедерациа афедералтә медицинатә центрқәа аус рыцуразы ишьақәгылахьоу амеханизмгьы  амоуп:

«Афонд ала ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа змоу аҭаацәа рыцныҟәара азы аетапқәа зегьы зымҽханакуа акомплекстә система аԥҵоуп: атранспортировка аганахьала ацхыраара инаркны аамҭала аанкылара аҭыԥ аԥшаареи абзазаратә зҵаарақәа рыӡбареи рҟынӡа. Иҟоу алшарақәа зегьы инагӡаны Аԥснытәи ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи ирызнагахоит».

Мактина Џьынџьалԥҳа Ольга Демичиова иҭабуп ҳәа лалҳәеит агәрагареи ас еиԥш хра злоу аԥшьгареи рзы, убри аан уи инаҵшьны иазгәалҭеит аусеицура аҩтәылак ргуманитартә еимадара еиҳагьы ишарӷәӷәо.

***

Афонд «Справедливая помощь Доктора Лизы» — ари аҳақьым Елизавета Глинка (Адоктор Лиза) ҩныда иаанхаз, хәарҭа змам ачымазцәа, атәанчаҩцәа, аконфликтқәа рҿы ааха зауз ахәыҷқәа, уҳәа уахь иналаҵаны, еиҳа иуашәшәыроу ауааԥсыра рхаҭарнакцәа ацхыраара рыҭаразы 2007 шықәса рзы иаԥылҵаз Жәларбжьаратәи агәыҳалалратә уаажәларратә еиҿкаароуп.  

Аиҿкаара уи аԥҵаҩы  данҭаха ашьҭахьгьы аусура иацнаҵеит, лара лыпринципқәеи лметодқәеи иақәныҟәаны агуманитартәи амедицинатәи ацхыраара ҟанаҵоит.  

 

 

 

 


Read 86 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.