АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Жьҭаара.2025

Аҟәа ақалақь Ахадара амшын аԥшаҳәаҿы изакәанымкәа иргылоу ахәаахәҭратә обиектқәа рықәгара иалагоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара анапхгараҭареи аусзуҩцәеи аҳҭнықалақь аԥшаҳәаҿы изакәанымкәа имҩаԥысуа ахәҳаахәҭра афактқәа рмониторинг мҩаԥыргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара апресс-маҵзура.

Амшын аԥшаҳәаҿы ахәҳаахәҭратә усура назыгӡо аусдкылаҩцәа иргәаладыршәеит рзинҭаратә усшәҟәқәа рыҽҳәара жьҭаарамза 1 азы ишынҵәо.  

Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба аусдкылаҩцәа рахь аҳәара ҟаиҵеит аԥшаҳәаҿы ишьақәыргылоу рпавилионқәа ианаамҭоу иқәыргаларц азы.  Жьҭаарамза 13-нӡа ахәаахәҭратә ҭыԥқәа ықәрымгар, урҭ иҟоу азакәанԥҵара инақәыршәаны, аҳҭнықалақь Ахадара амаҵзурақәа рымчала иқәгахоит.

Аусдкылаҩцәа реиҳараҩык ари агәҽанызаара еилкаарала ирыдыркылеит. Урҭ рахьынтә аӡәырҩы иазхарҵеит ахәаахәҭратә ҭыԥқәак рконструкциақәа жәашықәсала ишьақәгылахьоу, акы иаламҩашьо Аҟәа ақалақь астиль зынӡа ишақәымшәо.

Абҵарамзазы акаҳуажәырҭа «Пингвин» инаркны Алашарбага ахаҵәирҭа аҟынӡа инагоу аԥшаҳәа аҵакыраҿы мҽхакыҭбаала аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хацыркхоит. Иарбоу аҭыԥ аҿы ахәаахәҭратә ҭыԥқәа рыҟазаара апроект иарбаӡам. Иазгәаҭатәуп, амшын аԥшаҳәа иҿыцу астиль ауааԥсыра рхала ҩымз рыҩныҵҟа имҩаԥысуаз онлаин-абжьыҭара аҳасабала ишалархыз.


Read 106 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.