АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Жьҭаара.2025

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Арҵаҩ имш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.   Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Арҵаҩ имш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

Акыр иаԥсоу арҵаҩцәа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа. Абри амш аҽны ҳара гәыкала иҭабуп ҳәа шәаҳҳәарц ҳҭахуп изызҳауа абиԥара реиҵааӡареи аҵара дырҵареи рзы хамеигӡара ҟамҵакәа имҩаԥыжәго аусуразы!

Шәара шәоуп адыррақәа инарываргыланы ахәыҷқәа ирылазааӡо Аԥсадгьыл абзиабара, ҳ-Аԥсадгьыл иаҵеицәақәаны, патриотцәа иашақәаны иҟазҵо.   

Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп аибашьра ашьҭахьтәи ашықәс хьанҭақәа раан ззанааҭ аанмыжькәа ашкол аиқәырхара зылшаз, абиԥарақәа аҵараиура иалхәдамкәа иҟазҵаз. Шәҿаԥхьа ҳхырхәоит абри азы, акыр иаԥсоу арҵаҩцәа!  

Хазы иҭабуп  ҳәа расҳәоит имариам аамҭақәа рзы аҵак дуӡӡа змоу арҵаҩ изанааҭ алызхыз, аиҳабацәа ирывагыланы иреиӷьу ҳашколқәа рыртрадициақәа реихаҳара иаҿу арҵаҩцәа ҿарацәа.

Иахьа аҳәынҭқарра иалшо зегьы ҟанаҵоит аҵараиурҭақәа рыҟны аҭагылазаашьа аиӷьтәразы: ашколқәа рырҿыцра, аспорттә шҭақәа раартра мҩаԥысуеит, рҵага шәҟәыла, зыда ԥсыхәа ыҟам маҭәахәыла реиқәыршәара азҵаарақәа рыӡбара иаҿуп. Аҳәынҭқарра аринахысгьы аҵара система ҷыдала хшыҩзышьҭра анаҭалоит.   

Акыр иаԥсоу арҵаҩцәа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит агәабзиара, анасыԥ, аихьӡара ҿыцқәа. Иҟазааит есқьынгьы шәыҩнаҭақәа рыҟны аҭынчра, ахирра, шәџьабаа иаԥсахааит шәааԥсара зду шәҵаҩцәа.

Даҽазныкгьы ишәыдысныҳәалоит иахьатәи аныҳәа!

 

 


Read 69 times - Ашәахьа, 06 Жьҭаара 2025 17:34
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.