АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Жьҭаара.2022

СЕРГЕИ ПУСТОВАЛОВ АԤСНЫ АМОБИЛИЗАЦИАТӘ ЗЫҞАҴАРА АИӶЬТӘРА АЛЗЫРШО РАԤХЬА ИРГЫЛАНЫ ИӠБАТӘУ АХЫДҴАҚӘА ДРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ. АБХ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Амобилизациатә ҽазыҟаҵара азы аусуратә гәыԥ анапхгара азҭо Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов абизнесс-еилазаара алархәны имҩаԥысыз аилатәара аҿы амобилизациатә зыҟаҵара аиӷьтәра алзыршо раԥхьа иргыланы иӡбатәу ахыдҵақәа дрылацәажәеит.

Ишдыру еиԥш, Аҳәынҭқарра Ахада идҵа ала, Аԥсны амобилизациатә ҽазыҟаҵара аиӷьтәра азы абжьгарақәа рыҟаҵареи заанаҵтәи ахәшьара аҭареи рзы цәыббрамза 25 рзы аԥыза-министр  иҭижьыз Ақәҵара инақәыршәаны иаԥҵан 14-ҩык рыла еилоу ахылаԥшырҭабжьаратәи аусуратә гәыԥ. Уи иалалеит атәылахьчара Аминистрра, еиуеиԥшым ахылаԥшырҭақәа рхаҭарнакцәа, Апарламент адепутатцәа.

«Ҳара ҳгәыԥ аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥнагеит, арратә хәҭақәа, арезервтә хәҭақәа рҭаарала амобилизациатә зыҟаҵареи арратә ҭагылазаашьеи ргәаҭареи ахәшьара аҭареи ирыдҳәалоу ауснагӡатәқәа уахь иналаҵаны. Ари  аусура алҵшәақәа рыла, заанаҵтәи абжьгарақәа ҟаҵан, урҭ рышьаҭала ҳара зыԥшра ҟамҵакәа иӡбатәу азҵаарақәа рыӡбара аҿы атәылахьчара Аминистрра ацхыраара аҭара азы абизнес-еилазаара ахь аҳәара аҟаҵара ахымԥадатәра ҳалацәажәар ҟалоит.  

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ урҭ иреиуоу азҵаарақәак дырзааҭгылеит:

-арезерв ҳасабла ишьҭаҵоу ахәшәқәеи раԥхьатәи амедицинатә цхыраара аҭаразы ахәархәагақәеи инацҵаны рхарҭаара;

-  аҳақьымцәа аԥышәатә медицина акурсқәа рахгара;

- абаталионтә, аҟәыратә еимадара рзы амобилтә хархәагақәа рхарҭаара;

- аԥырҩы дызмам аԥрыгақәа ихымԥадатәиу рхыԥхьаӡара ахарҭәааразы раахәара алыршара,  уи аоператорцәа разыҟаҵара.

- Архәҭақәа ҳаамҭа иақәшәо хазхаҭалатәи ахыхьчаратә хархәагақәа (акәылӡкьаҿқәа,  акәылӡхылԥақәа, абалистикатә бласаркьақәа, атактикатә напҭарԥақәа) рыла инацҵаны реиқәыршәара;

- Арбџьармчқәа рхаҭалатәи аилазаареи арезерви  рзы арратә дәы амаҭәа, аӡынмаҭәагьы уахь иналаҵаны, арезерв инацҵаны ашьҭаҵара аиҿкаара;  

- амҩаданыҟәара зылшо амашьына ласқәа амобилтә тактикатә гәыԥқәа реиқәыршәара азы раахәара;

- автоматтә хысратә бџьар атехникатә ҭагылазаашьа етап-етапла аиӷьтәра,  аԥхаратә шәхәашьҭрала аобиект узырбо акылыԥшырҭақәа раахәара;  

- Аԥсны Арбџьармчқәеи арезервтә хәҭақәеи аимадаратә хәҭақәеи ашьҭаҵарҭақәеи  еиԥҟьарада афымцамч ала реиқәыршәаразы афымцагенераторқәа раахәара.».

Сергеи Пустовалов аусмҩаԥгатәқәа атәылахьчара Аминистрра амчала амҩагара иалагахьеит ҳәа инаҵшьны  иазгәеиҭеит.

«Аусуратә гәыԥ аусура иацнаҵоит, ишьақәыргылоу аҽҳәарақәа  ирҭагӡаны, атәыла анапхгара ахәаԥшразы ирыдгалахоит Аԥсны Аҳәынҭқарра амобилизациатә арратә зыҟаҵара аиӷьтәра азы изаамҭанытәиу ажәалагалақәеи аԥшьгарақәеи», - ҳәа иажәа хыркәшо иҳәеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ.


Read 371 times - Ахаша, 12 Жьҭаара 2022 18:10
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.