Ишдыру еиԥш, ԥхынгәымза 15, 2022 шықәса рзы Аминистрцәа Реилазаара аҿы Нестор Лакоба Иҩны-амузеи аҿы аргылара-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгаразы атәыла Анапхгара арезерв аҟынтәи 12 млн 829 нызықь мааҭ азоужьра азы Ақәҵара рыдыркылеит.
Мышқәк рышьҭахь амузеи ахь иаараны иҟоуп адизаинерцәа. Амузеи анапхгареи дареи ахыбра аҩныҵҟатәи аиҿкаашьеи архиареи иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәараны иҟоуп.
Аргыларатә усурақәа зегьы рышьҭахь Новосибирскынтәи иааз аспециалистцәа ргәыԥ раԥхьаӡа иргыланы Нестор Лакобеи иҭаацәеи рхатәы маҭәақәа назлоу амузеи аекпозициа аиқәыршәара аҿы ацхыраара ҟарҵараны иҟоуп.
Амузеи адиректор Лиудмила Малиа лажәақәа рыла, аекспозициа ашьақәгыларазы имаҷымкәа аамҭа аҭаххоит. «Ҳара излауа ала, уадацыԥхьаӡа ирымаз аинтериер аиҭашьақәыргылара ҳҽазаҳшәарц ҳҭахуп. Уи аҩнымаҭәа адагьы инхоз аԥшәмацәа рхатәы маҭәақәеи роуп»,- ҳәа илҳәеит лара.
Н. А. Лакоба Иҩны-амузеи 1983 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы, абри аҭыӡҭыԥ ала иаартын: Лакоба имҩа, аҩны № 32. Ари аҭыԥ аҿы иҟоуп аҭоурыхтә хыбра — 1909 шықәса рзы иргылаз аҭуџьар О. И. Бостанджогло иҩны. Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла шьҭахь, 1921 шықәсазы, Март 4, аҩны № 32 аҿы, 1923- 1936 шш. рзы инхон Аԥсны иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ Нестор Апполон-иԥа Лакоба иҭаацәеи иареи. Нестор Лакоба имузеи ахыбра 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы ааха ӷәӷәа аиуит.