АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Цәыббра.2025

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Цхьынвал ақалақь аҿы еиҿкааз аныҳәа «Ауаԥсаа ргәараҭа» даҭааит.

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Аахыҵ Уаԥҵстәыла Ахада Алан Гаглоев, Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои егьырҭ ҳаҭыр зқәу асасцәеи дрыцны аетнографиатә ныҳәа «Ауаԥсаа ргәараҭа» даҭааит.

Традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, асасцәа  ауаԥстәи ачашәқәа, ашәаҳәареи акәашареи рыла ирԥылеит. Аныҳәа аҿы асасцәа ирыдыргалон еиуеиԥшым амилаҭтә чысхкқәа, иара убас Аахыҵ Уаԥстәыла араионқәа зегьы рҟынтәи ажәлар рнапҟазацәа русумҭақәа рцәыргақәҵа еиҿкаахеит.

Акультуратә  программа арҿиаратә коллективқәа инарыгӡоз амилаҭтә шәаҳәареи акәашарақәеи рыла ишьақәгылан.

Цхьынвал ақалақь апавилион аҭаараан Бадра Гәынба ҳаҭыр зқәу асасцәа ирыдыргалаз ауаԥс чашә иагәылаз аԥараҿырпы иқәшәеит. Традициала уи аманшәалареи аизҳазыӷьареи иазкуп.

Аԥсны Ахада аныҳәа ауаԥс жәлар рмилаҭтә ҷыдаҟазшьара, рҟазара, рысасдкылара шьахә, рдац-ԥашә ахь ирымоу аҳаҭырқәҵара зеиӷьаҟам ала иаанарԥшит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.


Read 94 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.