Аҳәынҭқарра Ахада Ареспублика Аахыҵ Уаԥстәыла 35-шықәса ахыҵра иадҳәалоу аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Цхьынвал дшыҟаз ари алахьеиқәҵаратә жәабжь аниаҳа ашьҭахь Аԥсныҟа ахынҳәразы аӡбамҭа идикылеит.
20.Цәыббра.2025
Бадра Гәынба Москваҟа, афестиваль «Аԥсны» ахь ицара мап ацәикит.
Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратәии аполитикатәи аусзуҩ, еицырдыруаз аҵарауаҩ Станислав Лакоба трагедиала иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы, Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иазԥхьагәаҭаны имаз Москва имҩаԥысуа афестиваль «Аԥсны» аҭаара мап ацәикит. Абри азы адырра ҟаиҵеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Ҷолокәуа.