АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Жьҭаара.2022

ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РЗЫ АМИНИСТРРА ОЧАМЧЫРА АРАИОН АҾЫ ИҞАЛАЗ АМШЦӘГЬА АХҞЬАԤҞЬАҚӘА РЫҚӘГАРА ИАҾУП. АБХ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10,  2022 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион абылрацәыхьчара-еиқәырхаратә хәҭа аусзуҩцәа амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа рықәгара иазку аусмҩаԥгатәқәа нарыгӡоит, ҳәа иаанацҳауеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура. Иқәыргоит иара убас аԥшацәгьы иахҟьаны Кындыӷ абжьаратәи ашкол ихнахыз  ахыбрагьы.

 

Ақыҭа Араду ихыҵыз Мықә аӡиас аԥшаҳәа иаԥну аҵакыра иқәлеит. Ақыҭауаҩык имашьына аԥхасҭа анаҭеит. Очамчыра ақалақь аҿгьы џьара-џьарагьы аӡы шықәлаз убаратәы иҟоуп.

Амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа рықәгара иадҳәалоу аусурақәа ирыцҵахоит.


Read 294 times - Аҩаша, 11 Жьҭаара 2022 15:06
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.