АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 20:24

Бадра Гәынба: аԥхасҭа зауыз ауааԥсыра зегьы ацхыраара рыҭахоит, рынхарҭақәа иоуыз аԥхасҭа ацынхәра рыҭахоит, еиҭашьақәыргылахоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ашьыжь, цәыббрамза 9 рзы иҟалаз ақәыршҩы иахҟьаны акыр аԥхасҭа зауз Турабазеи Синопи аҳаблақәа дырҭааит.

Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба  Аҳәынҭқарра Ахада ақалақьтә усбарҭақәа имҩаԥыргаз аусура азы адырра ииҭеит. Уи, Аҟәа аиланхарҭақәа зегьы – Аҳабла Ҿыц инаркны Синоп аҟынӡа аԥхасҭа роуит ҳәа адырра ииҭеит.

«Жәабала ауадақәа аӡы рыҩналеит, иасыз аԥшатлакә аҩнқәа рхыбқәа хнахит. Турбаза аҳаблан иҟоу аҩнеихагыла аҿы  10 уадак аԥхасҭа роуит. Уи ааигәа игылаз аҩны аҿы уадак аӡы ҩналеит. Аӡҩаршьҭрақәа ахьықәсхьоу иахҟьаны ас еиԥш иаӷьны илеиуаз аҩар иазымиааиит. Амашәыр аԥырҟәҟәаара иазку абригадақәа зегьы аусурақәа мҩаԥыргоит аԥхасҭа зауз аҩнқәа рхыбрақәа реиҭашьақәыргыларазы. Администрациа аусзуҩцәа аԥхасҭа змоу аҩнқәа зтәу ауаа ирԥыланы ирацәажәоит аԥхасҭа ахәшьара аҭаразы»,  – ҳәа иҳәеит Ҭемыр Агрба.

Уи иара убас Ладариа имҩала аҵыргәатә ҭӡы бгеит, Синоптәи аҩхаа аганахь инагоу амҩа ҵнаӡәӡәааит ҳәа адырра ҟаиҵеит.

Ақалақь агәи Синоп аҳаблеи иахьаҵанакуа афымцамч ала аиқәыршәара еиҭашьақәыргылоуп. Уажәазы астанцеиҵа «Баслаҭа» аус ауӡом.

Аҳәынҭқарра Ахада Кәыдрытәи ашоссе ала игылоу аҩнеихагыла №5 аҿы инхо ауаа дрыҿцәажәеит.

Арсоу Чачхалиа илеиуаз ақәаршҩы аан аҩны актәи аихагыла аӡы ҩналеит, аҩны ауадақәа жәпакы ӷәӷәала аԥхасҭа роуит ҳәа еиҭеиҳәеит.

Гульнара Клычева луада иҩналаз аӡы ведрала ақәгареи адашьма ақәыхреи лықәшәеит.  

Аҳәынҭқарра Ахада аҳҭнықалақь Ахадара анапынҵа аиҭеит уаҵәтәи амш иахымгакәа амшцәгьа иахҟьаны иҟалаз аԥхасҭа азы раԥхьатәи аинформациа аиқәыршәара алыршаразы.  

«Рыцҳарас иҟалаз, амшцәгьа ақалақьуаа реиԥш араионқәа, ахәҭакахьала, Аҟәа араион ауааԥсырагьы ирныԥшит. Уаҟагьы амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа рацәоуп. Иахәҭоу анапынҵақәа ҟаҵоуп. Ауааԥсыра ироуз ауадаҩрақәа рхала иадымхаларц азы зыԥшра ҟамҵакәа ихымԥадатәиу аусмҩаԥгатәқәа нагӡатәуп», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҳҭнықалақь ахада иажәақәа рыла, Ешба имҩеи Коӷониа имҩалеи игылоу аҩнқәа рхыбқәа реиҭашьақәыргылара иалагахьеит.  Аҳабла Ҿыц аҿгьы аусуцәа рыбригадақәа аус руеит. Анаҩс урҭ Гәымсҭа амассив ахь ииасуеит.

«Арҭ ахыбқәа ажәӡамызт. Урҭ 5, 7, 10 шықәса рахьа еиҭашьақәыргылан, аԥсахра аҭахӡам. Ҳара уажәы иҟоу аҭагылазаашьа ҭаҳҵаауеит: аӡышьҭратә шәырақәа ироуз ақәыӷәӷәара рзымычҳазар акәзаргьы ҟалоит. Ишакәхалакгьы, аинспекциатә усура мҩаԥгатәуп, ахыбқәа анаҩс рхархәара ахьынӡазалшо аилкааразы», –  ҳәа иҳәеит Ҭемыр Агрба.

Амшцәгьа иахҟьаны аԥхасҭа зауз ауааԥсыра зегьы иахәҭоу ацхыраара рыҭахоит, ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аҟәа араионқәа рҭаараан.  

«Иахьа иҟалаз ақәыршҩы иахҟьаны араионқәа рыҟны еиԥш ақыҭамҩақәеи ацҳақәеи жәпаки аҩнқәеи акыр аԥхасҭақәа роуит. Аҟәа араион аҿы ақыҭамҩақәа ықәнаӡәӡәааит. Шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭа анапы ианҵоуп уаҵәы инаркны иаҭаху агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥганы, ақәаршҩы ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра нап аркра. Аԥхасҭа аԥыхразы иара убас изыхәҭоу адҵақәа аҭоуп Аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа рзы аминистррагьы», – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Бадра Гәынба иҳәеит аԥхасҭа зауыз ауааԥсыра зегьы ацхыраара шрыҭахо атәы, рынхарҭақәа иоуыз аԥхасҭа ацынхәра шрыҭахо, ишеиҭашьақәыргылахо.

Ахада адҵа ҟаиҵеит атәылауаа ирҭаху ацхыраара рыҭаразы.

 

 

 

 


Read 33 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.