«Ҳара звольҳараку ацәаҳәа аиҳарак аиҭашьақәыргылара ҳалшар, усҟан ақәыӷәӷәара аныҳараку аамҭазы амчхара аԥкрақәа рыцәцара азы аҭагылазаашьа аԥҵахоит. Ҳара аӡынтәи аамҭахәҭа азы афымцацәаҳәақәа имыцхәны ирымоу ақәыӷәӷәара азы абжьааԥны ҭыԥ-ҭыԥла инеиԥынкыланы афымцамч ҳарцәозҭгьы, уажәы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа раамышьҭахь ари азҵаара инагӡаны иӡбахоит. Ҳара анаҩс излауа ала астанциеиҵақәа рҿы амчхара аизырҳаразы ареконструкциатә усурақәа мҩаԥаагароуп. Раԥхьаӡа иргыланы, уи Аҟәа ақалақь иадҳәалахоит», - ҳәа еиҭалҳәеит Кристина Озган.
Алашара арцәара атәы уҳәозар, уи, Кристина Озган лажәақәа рыла, ақәыӷәӷәара амчхара аԥкрақәа ирыдҳәалахоит.
«Лассы-лассы ҳаззыԥшымыз аҭагылазаашьақәа шьақәгылон, аха зегьы раасҭа ихадоу проблеманы иҟаз ари ацәаҳәа анашьҭыгатә лшара акәын, избан акәзар, ахархәара ашәагаақәеи ари ацәаҳәа анашьҭыгатә лшарақәеи узеидкыломызт. Уажәы афымцамҩангагақәа еиҳа ҳаамҭа иақәшәо, иласу, аха убри аан анашьҭыгатә лшара ду змоу рыла аԥсахра мҩаԥысуеит», – ҳәа илҳәеит Кристина Озган.
31,5 км рҟынӡа инаӡо аҵакыра аҿы афымцамҩангагақәа шьаҭанкыла иԥсаххоит.
Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» оперативн-техникатә Усбарҭа адиректор Руслан Кәарҷиа иажәақәа рыла, иуашәшәыраз ашьаҟақәа рӷәӷәоуп. Зынӡа ашьаҟақәа рхыԥхьаӡара 109 цыра рҟынӡа инаӡоит. Шьаҭанкыла иԥсаххоит адыдмацәысцәыхьчагатә џыршаха, уи оптоволокно ҳәа изышьҭоу ацуп.
Звольтҳараку афымцамҩангагатә цәаҳәа «Ачгәара» - Аԥсны аенергетика аҿы зегьы раасҭа иуашәшәыроу аҭыԥқәа иреиуоуп. 1956 шықәсазы ахархәарахь ирыдыркылаз ари афымцамҩангагатә цәаҳәа анашьҭыгатә лшара 240 мегаватт рҟынӡа иҟоуп, мыцхәы ақәыӷәӷәарақәа аныҟало уи 280 мегаватт рҟынӡа инаӡоит. Ас еиԥш иҟоу афымцацәаҳәақәа аихатә шьаҟақәа рыҟны рхархәара аҽҳәара 50 шықәса рҟынӡа инаӡоит, уи цеижьҭеи акрааҵуеит..