АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Цәыббра.2025

Апроектқәа «Аԥсны амедиа ҿыцқәа», «Зысасгәашә аарту Аԥсны» рӡыргара мҩаԥысит Ҭҟәарчали Гали ақалақьқәа рҿы.

Аҟәа. Цәыббрамза  5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Апроектқәа «Аԥсны амедиа ҿыцқәа», «Зысасгәашә аарту Аԥсны» рӡыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны апроектқәа ркоординаторцәеи атуризм аминистри Ҭҟәарчали Гали ақалақьқәа рҿы инхо аҿар ирыҿцәажәеит.

Актәи аиԥылара мҩаԥысит Ҭҟәарчал ақалақь аҿы.

Аиԥылараҿы атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа аконкурс «Зысасгәашә аарту Аԥсны» атуризм аусхкы аҿы аинновациатә проектқәа рырҿиареи алахәылацәа рхатә идеиақәа рыдгалареи ихымԥадатәиу абжьгарақәеи 1 млн. мааҭ рҟынӡа афинанстә цхыраареи раиура азы алшара рзаԥнаҵоит ҳәа еиҭеиҳәеит. Аиԥылара аҿы атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа  иажәақәа рыла, аконкурс ҳтәылауаа ирылоу аҟыбаҩи абаҩхатәреи раарԥшразы, иара убас ареспублика атуристтә усхкы аҿиараҿы рлагала алаҵаразы  иуникалу алшара рзаԥнаҵоит.

«Ҳара аидеиа ҿыцқәа радыԥхьалара адагьы аконкурс алахәылацәа қәҿиарала урҭ рынагӡаразы аҭагылазаашьақәа рзаԥҵара ҳашьҭоуп», - ҳәа иазгәеиҭеит аминистр.  

Апроект «Зысасгәашә аарту Аԥсны» акоординатор Максим Гәымба уи ихадоу ахықәкқәеи ахыдҵақәеи дрыхцәажәеит.

«Аконкурс алахәылацәа алшара рзаԥнаҵоит ридеиақәа рӡыргареи урҭ рынагӡараҿы адгылара аиуреи рзы. Аконкурс 21 хырхаҭала азыҳәамҭақәа ралаҵаразы ашәқәа аанартуеит», - ҳәа иҳәеит Максим Гәымба.

Алахәылацәа апроектқәа реиқәыршәареи аеффективра злоу абизнес-идеиақәа рышьақәгылареи рганахьала адгылара рызҭало жәларбжьаратәи аекспертцәа аус рыцуразы иуникалу алшара роуеит. Аконкурс аҿы ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭахоит атуризм аусхкы аҿы афундаменталтә дыррақәа раиура, уи иарбоу аусәкы аҿы аҿиаразы ихадоу ҭагылазаашьаны иҟоуп.

Максим Гәымба аконкурси Урыстәыла Ахада иҟны иҟоу аплатформа «Урыстәыла – алшарақәа рдунеи («Россия – страна возможностей», иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭеи Аԥсны атуризм Аминистрреи ирыбжьоу апартниортә еизыҟазаашьақәа иаҵоу аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Ас еиԥш апартниорра апроектқәа рынагӡареи урҭ арегион аекономика ахь ралагалареи рзы акыр иӷәӷәоу цхыраараны иҟалоит», – ҳәа иазгәеиҭеит Максим Гәымба.

Аконкурс «Зысасгәашә аарту Аԥсны» атуризм аусхкы аҿиара ацхраареи арегион аҿы аинфраструктура аиӷьтәреи атуристтә маҵзурақәа рыҩаӡара ашьҭыхреи алзыршо иҿыцу аԥшьгарақәа радыԥхьалареи  иазырхоуп.

Аконкурс «Аԥсны амедиа ҿыцқәа» далацәажәеит Ареспубликатә Аҳәынҭқарратә Усбарҭа «Аԥснымедиа» адиректор хада Роберт Џьопуа.  Апроект апрофессионал ҿарацәеи урҭ рырҿиаратә активра адгылара аҭареи иазырхоуп.

«Ҳара ари аконкурс аҿар амедиатә контент аԥҵара аганахьала ирымоу апотенциал, алшарақәа ахьаадырԥшуа аплатформа аҳасабала ҳахәаԥшуеит», – ҳәа иазгәеиҭеит Роберт Џьопуа.

Ареспубликатә Аҳәынҭқарратә Усбарҭа «Аԥснымедиа» аконкурс алахәылацәа атехника аганахьала адагьы ихымԥадатәиу аресурсқәеи аконсультациақәеи рыла ацхыраара рыҭара иазхиоуп.

«Ари аконкурс алахәылацәа азанааҭтә еизҳара иҿыцу аҩаӡарахь ацәырҵразы алшара рынаҭоит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Роберт Џьопуа.

Автономтә Икоммерциатәым Аиҿкаара «Аԥсны Акоманда» адиректор Хада Георги Габуниа иара напхгара зиҭо аиҿкара арегион аҿы ауаҩытәыҩстә капитал аҿиареи асоциалтә еилазаара аиӷьтәреи иазырханы иазԥхьагәаҭаны иамоу ауснагӡатәқәа дрылацәажәеит.

Уи «Аԥсны Акоманда» «аиқәыршәазаареи аекологиатә еизҳазыӷьареи ирыдҳәалоу» апроектқәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра анаҭоит ҳәа иазгәеиҭеит. Ааигәа арҭ аԥшьгарақәа ақәыршаҳаҭра роуит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи рԥылараан. Георги Габуниа Аҟәа ақалақь аҿы аилыргаратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгареи мҽхакы ҭбаала агәам-сам ақәгареи шымҩԥысуа атәы еиҭеиҳәеит.

«Ҳара арҭ апроектқәа, Ҭҟәарчал ақалақь уахь иналаҵаны, Аԥсны зегьы иахьаҵанакуа рымҩаԥгаразы  агәҭакқәа ҳамоуп. Доусы иаҳуалԥшьоуп – ҳахьынхо ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҭеиҭыԥш ахылаԥшра», - ҳәа иҳәеит  Георги Габуниа.

Уи иара убас ацифровизациа азҵаарақәа дырзааҭгылеит.

«Иахьа ҳара ҳаԥсҭазаара ацифратә маҵзурақәа рыда ухахьы иузаагаӡом. Ацифратә инфраструктура аҿиареи ацифратә дыррақәа раиуреи – ааигәатәи аперспектива азы ихадоу ахыдҵақәа иреиуоуп», – ҳәа иҳәеит Георги Габуниа.

Анаҩс имҩаԥысит Гал ақалақь аҿар рԥылара. Гал араион аҿы атуристцәа хыԥхьаӡара рацәала радыԥхьаларазы апроект ҿыцқәа рынагӡаразы аԥшьгара ҟаҵо дықәгылеит атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа.

«Гал араион атуризм аусхкы аганахьала идуӡӡоу апотенцил амоуп, ҳаргьы излауа ала уи алшарақәа ҳхы иаҳархәалароуп»,  -ҳәа иҳәеит атуризм аминистр.

Асҭамыр Логәуа иажәақәа рыла, аконкурс «Зысасгәашә аарту Аԥсны» ахықәкы хаданы иҟоуп – аҭыԥантәи атуристтә инфраструктура аҿиареи араион аҿы иҟоу аҭыԥԥшӡарақәа рпопулиаризациеи.

«Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп атуризм ҳекономика ԥхьаҟа агара зылшо усхкны ишыҟало, убри аҟнытә иҭышәынтәалоу аҿиареи аизҳазыӷьареи иазырхоу апроектқәа адгылара рыҭара ҳазхиоуп», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит атуризм аминистр.

Апроект «Аԥсны амедиа ҿыцқәа» акоординатор Артур Чакриан амедиа ахархәарала абрендқәа раԥҵареи рӡыргареи шымҩаԥгатәу далацәажәеит. Ари апроект агәазҭазааратә ҟазшьаны  иҟалеит иԥсабаратәым аинтеллект ала иаԥҵаз  апромо-ролик.

«Аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара иадҳәаламкәа, асоциалтә ҳақәа қәҿиарала рымҩаԥгара – ари акыр зҵазкуа, аперспективра злоу хырхарҭоуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит акоординатор.  

Апроект «Аԥсны амедиа ҿыцқәа» ахаарԥшреи ауаажәларра еффективла рымадареи рзы иҿыцу ацифратә дыррақәа раиуреи еиуеиԥшым аплатформақәа рхархәареи ҷыдала ахшыҩзышьҭра анаҭоит.

«Апроект ареспублика ауааԥсыра рзы иҿыцу алшарақәа аанартуеит, урҭ ҳаамҭа иақәшәо аинформациатә ҵакыра аҿы активла рлагала аларҵартә еиԥш аҭагылазаашьақәа аԥнаҵоит», – ҳәа иҳәеит Артур Чакриан.

Нанҳәамза  7 инаркны жьҭаарамза 13 аҟынӡа аконкурс «Зысасгәшә аарту Аԥсны» арзаҳалтә кампаниа мҩаԥыслоит.  Ашәҟәҭагаларазы асаит: https://welcome.abkhazia.team

Апроектқәа «Аԥсны амедиа ҿыцқәа», «Зысасгәашә аарту Аԥсны» анҭыҵтәи апрезентциақәа ареспублика егьырҭ ақалақьқәа рҿы амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп.

 

 

 

 


Read 79 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.