АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Цәыббра.2025

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Адырра амш азы Аҟәа, Аҳабла ҿыц аҟны иҟоу абжьаратәи ашкол № 5 даҭааит.

Аҟәа. Цәыббрамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Бадра Гәынба Адырра амш азы Аҟәа, Аҳабла ҿыц аҟны иҟоу абжьаратәи ашкол № 5 даҭааит. Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭа ари ашкол далгеит.

Цәыббрамза 1 ишаԥу еиԥш, акәашарақәа, ашәаҳәара, ажәеинраалақәа рыԥхьарала еиҿкаау аныҳәатә цәаҳәала иазгәарҭеит.

Аҳәынҭқарра Ахада арҵаҩцәеи, ашколхәыҷқәеи, аҭаацәеи ирыдиныҳәалеит аҵарашықәс ҿыц алагамҭа.  

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иҟаиҵаз анапынҵала Аҵара аминистрра сынтәа раԥхьаӡакәны актәи акласс ахь ицаз аҵаҩцәа аҳамҭақәа рызнархиеит. Урҭ зегьы хаҭа-хаҭала иранашьан актәи акласс ахь ицо аҵаҩы ииҭаху маҭәахәыла иеиқәыршәоу ашәырақәа.

 

 


Read 160 times - Ашәахьа, 01 Цәыббра 2025 13:43
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.