АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 16:54

Алан Гаглоев Бадра Гәынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш идиныҳәалеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика Ахада Алан Гаглоев Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш идиныҳәалеит

 

Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа! Алада Уаԥстәыла Ареспублика ажәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала Шәара аԥхьа шәнаргыланы, ҳаиашьаратә аԥсуа жәлар ирыдысныҳәалоит акрызҵазкуа амилаҭтә ныҳәа – Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара 17 шықәса ахыҵара арыцхә.

Ҳажәларқәа жәытә-натә аахыс аиҩызара, аиашьара рыбжьоуп, урҭ еиҳагьы иӷәӷәахеит ҳҭоурыхтә мҩақәа реиԥшхара иабзоураны.  Ари шьақәзырӷәӷәо акәны иҟалеит Урыстәылатәи Афедерациа Алада Уаԥстәылеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рхьыԥшымра аамҭак азы азхаҵаразы иаднакылаз азыӡба.  

Аԥсни Алада Уаԥстәылеи ртәылауаа ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы ақәԥараҟны изнысыз амҩа мариаӡам. 2008 шықәса нанҳәамза 26 рзы аиаша аиааира агеит, Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара иаднакылаз Алада Уаԥстәылеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рхьыԥшымра азхаҵара иазку аҭоурыхтә зыӡба ареспублика аҳәынҭқарратәра ашьақәырӷәӷәаразы аамҭа ҿыц хацнаркит.  

Аԥсны имҩаԥысуа аҿиара, асоциал-економикатә усхк аҟны аихьӡарақәа ахақәиҭра иацәхьамҵыз аԥсуа жәлар рылшарақәа шыҳараку, Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара Аԥсны асуверенитет азхаҵареи, аҳәынҭқарра ахьыԥшымреи рзы иаднакылаз азыӡба шиашаз атәы рҳәоит.

Сара агәра згоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥхьаҟагьы аҿиара шаиуа, ҳтәылақәа ирыбжьоу аиашьаратә еизыҟазаашьақәа есааира ишыӷәӷәахало.

Даҽазныкгьы ишәыдысныҳәалоит Ахьыԥшымра азхаҵара амш, гәык-ԥсык ала Аԥсны жәлар ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара».

 


Read 13 times - Аҩаша, 26 Нанҳәа 2025 15:27
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.