АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Нанҳәа.2025

Иаԥҵоуп Иавтономтәу икоммерциатәым аиҿкаара «Аԥсны Акоманда».

Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Идҵа инақәыршәаны иаԥҵоуп Иавтономтәу икоммерциатәым аиҿкаара «Аԥсны Акоманда».

Аиҿкаара астратегиатә хықәкыс иамоуп ауаҩытәҩсатә капитал арҿиареи арӷәӷәареи, атәыла аизҳазыӷьареи, аицлабрақәа реиҿкаареи аицлабра «Аԥсны акоманда» афиналистцәеи аиааира згази иаԥырҵаз апроектқәа рынагӡареи рыҟны ацхыраара аҟаҵара иацхраауа Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа ганрацәала рыҿиареи реизҳареи рзы аҭагылазаашьақәа раԥҵара.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба анапхгаҩцәа реицлабра «Аԥсны Акоманда» афиналистцәеи аицлабраҟны аиааира згази дырԥылеит. Аиԥылараҟны ирылеиҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Идҵала Ахада Иусбарҭаҟны ишаԥҵоу ИИА «Аԥсны Акоманда».

Беслан Ешба, ҷыдала, иҳәеит: «ИИА «Аԥсны Акоманда» Аԥсны Аҳәынҭқарра ҭышәынтәаланы аҿиареи аизҳазыӷьареи хықәкы хаданы измоу еиуеиԥшым аԥшьгарақәеи алшарақәеи еидызкыло хра злоу аиҭакрақәа реиҿкаара алзыршо цхыраагӡа дуны иҟалоит.  Ари аиҿкаара иалнаршоит зҽеиҭазкуа аҭагылазаашьақәеи ауаажәларра рҭаххарақәеи ирласны рықәҿыҭра, уи иахьа адунеи аҿы лассы имҩаԥысуа ахҭысқәа раан ҷыдала аҵак ду амоуп».

ИИА «Аԥсны Акоманда» Анаԥшратә хеилак Ахантәаҩыс дыҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба.

 

 

 


Read 51 times - Ашәахьа, 25 Нанҳәа 2025 18:21
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.