АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Нанҳәа.2025

Аҟәа ақалақь иҟоу «Москва Аҩны» аҿы иаатит афотоцәыргақәҵа «Мариуполь 2022-2025».

Аҟәа. Нанҳәамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь иҟоу Жәларбжьаратәи акультура-усуратә Центр «Москва Аҩны» аҿы нанҳәамза 22 рзы иазгәарҭо Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә бираҟ Амшныҳәа иазкны иаатит афотоцәыргақәҵа «Мариуполь 2022-2025».

Афотопроект автор – ажурнал «Новые регионы России» аредактор хада, Урыстәыла ажурналистцәа Реидгыла  алахәыла, афотоҭыхҩы-адокументалист Сергеи Вениавски. Ацәыргақәҵа аматериалқәа иалоуп хы-шықәса рыбжьаны Мариуполь иҟаҵаз афотоҭыхымҭақәа, урҭ лабҿаба иудырбоит украинатәи анеонацисттә архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра ашьҭахь ақалақь аҭынч ԥсҭазаарахь ишиасуа, аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара шымҩаԥысуа атәы.

Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иҳәеит:

«Афотоцәыргақәҵа автор – ажурнал «Новые регионы России» аредактор хада, Урыстәыла ажурналистцәа Реидгыла алахәыла, афотоҭыхыҩ-адокументалист Сергеи Вениавски иоуп.

Аиҳарак иахьатәи аусмҩаԥгатә асимволтә ҵакы азҭо иахьа иазгәаҳҭо Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш ауп. 2022 шықәсазы Мариуполь ақалақь иахашәыршәырыз ари абираҟ анацисттә-бандератә гыгшәыгқәа рҟынтәи ақалақь аиҭашьақәыргылара иасимволны иҟалеит.

Афотоцәыргақәҵа аиҿкаара ҳтәылақәа рыбжьара акультура-гуманитартә усхкы аҿы қәҿиара  имҩаԥысуа, аидгылареи астратегиатә партниорреи рыла ишьаҭарку аусеицура арҵабыргуеит».

Михаил Шургалин ҷыдала иазгәеиҭеит ацәыргақәҵа аиҿкаараҿы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа, Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи Урыстәыла аус ацуразы аофициалтә Хаҭарнакреи  рлагала.

 

 

Ацәыргақәҵа иаҭааит атәыла аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аиҳабы Беслан Ешба, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа, аԥыза-министр  ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аилак ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба, акультура аминистр Даур Ақаҩба.  

«Сара сусура аганахьала 2014 шықәсазы изныкымкәа Донбасс  саҭаахьан. Сара лымҳаҭасрала акәымкәа сыблала избахьеит аҭынч ԥсҭазаарахь аиасразы Донбасс ақалақь ауааԥсыра ирхыргаз атәы. Сыблала избеит еилаԥыххаа ишьҭаз ақалақьқәа, ауаа ргәырҩа, рхьаа, аибашьраан изызҳауаз ахәыҷқәа рыблақәа сырҭаԥшхьеит» - ҳәа иҳәеит Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.

Ацәыргақәҵа  аус аулоит нанҳәамза 29-нӡа.  

 «Москва Аҩны аҿы иара убас еизаз идырбан Иҷыдоу арратә операциа ашҟа ицаз, уаҟа иааирԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи рзы «Урыстәыла Афырхаҵа» («Герой России») ҳәа ахьӡ занашьахаз арԥыс иаша Алеқсандр Виктор-иԥа Мальцев изку адокументалтә фильм.

Хәажәкырамза, 2023 шықәса рзы Алеқсандр Мальцев зхадараҿы дыҟаз авзвод аибашьцәа ргәыԥ қәҿиарала напхгара риҭон. Усҟан аӷа ихырӷәӷәарҭақәа ргараан қәҿиарала иалыршан аӷацәа рыхәҭак рықәгареи иаанхаз иҭҟәаны ргареи.  Акинолента Саша Мальцев ихәыҷра ашықәсқәа ртәы ҳанаҳәоит, уи даныхәыҷыз ашьапылампыл игәы азцон, иара убас зегьы рыхьчара, аӡәгьы ицәымшәара, зегьы раԥхьагылара  гәазыҳәарас  иман.

Аусмҩаԥгатә аиҿкаара ахахьы иагеит – Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа. Убри аан уи адгылара арҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы аофициалтә Хаҭарнакреи Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Жәларбжьаратәи акультура-усуратә Центр «Москва Аҩны».

­­­***

Урыстәыла абираҟ аҭоурых ахы ыҵнахуеит  XVII ашәышықәсазы, аха иара аныҳәа ааигәоуп азгәаҭара ианалага ҳәа уҳәаратәы иҟоуп: 1994 шықәса инаркны Урыстәыла есышықәса нанҳәамза 22 рзы иазгәарҭоит Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә бираҟ Амшныҳәа.  

Урыстәыла иҿыцӡоу аҭоурых аҿы хԥшшәык: ашкәакәа-ажәҩанԥшшәы-аҟаԥшь змоу Урыстәыла абираҟ нанҳәамза 22, 1991 шықәсазы апутч анымҩаԥысуаз, Москва ақалақь Урыстәылатәи Асоветтә Федеративтә Социалисттә Республика  (РСФСР)  Анапхгара Аҩны раԥхьаӡа иахадыргылеит.  Уи Аҷыдалкаатә ҭагылазаашьа азы Аҳәынҭқарратә Комитет (ГКЧП) еиҿнакааз аҳәынҭқарратә шьақәгылашьа ахҳәара азы аҽазышәара аԥхьырҟәҟәаара иасимволны иҟалеит.

Уи аҽны Урыстәылатәи Асоветтә Федеративтә Социалисттә Республика (РСФСР) Иреиҳаӡоу Асовет ақәҵара аднакылеит, Аҳәынҭқарра Ахада  Борис Ельцин инапы аҵаиҩит «Урыстәылатәи Афедерациа Амилаҭтә бираҟ аофициалла азхаҵареи ахархәареи рзы» Аусԥҟа.  1994 шықәсазы  Борис Ельцин нанҳәамза 22 Урыстәыла Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш ҳәа аныҳәа официалла азгәаҭара шьақәирӷәӷәеит, уи ари амш ҳәынҭқарратә ныҳәаны иҟаиҵеит. 

 

 

 


Read 42 times - Ашәахьа, 25 Нанҳәа 2025 16:15
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.