АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Жьҭаара.2022

ЛАША АШӘБА: АРҴАҨЦӘА ҲТӘЫЛА АҾЫ ЕИҴАГЫЛО АБИԤАРА РААӠАРА АЗЫ ДААРА АКЫР ЗҴАЗКУА АМИССИА НАРЫГӠОИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 5 рзы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Жәларбжьаратәи арҵаҩы Имш инамаданы Аԥсны арҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа! Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Арҵаҩы имш!

Иахьа иҭабуп ҳәа раҳҳәоит ауаҩра ду зцу арҵаҩы изанааҭ алызхыз зегьы. Адырра агәбылра аркра, аҵаҩцәа дасу рылшарақәа раарԥшра зылшо арҵаҩы ҷыдала илоу абаҩхатәра иабзоуроуп.

Аԥсҭазаара ду ахь амҩа ылаҳхуеит ашкол аҟнытә, дарбанзаалак дасу иара бзиа иибо, ахааназы ихамышҭуа арҵаҩцәа имоуп. Урҭ аԥеиԥш бзиа, ахықәкқәа рызхәыцра ҳаларааӡеит. Арҵаҩцәа ҳтәылаҿы еиҵагыло абиԥарақәа рааӡаразы даара акыр зҵазкуа амиссиа нарыгӡоит.  Ҩныҵҟала иӷәӷәоу ауаа роуп ахәыҷқәа аус рыдулараан изҵоу аидара ашьҭыхра зылшо. Аԥсны Аҳәынҭқарра аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан изыниаз ауадаҩрақәагьы риааира рылшеит ҳарҵаҩцәа апрофессионализм, ахачҳара ду, агәыҭбаара аарԥшны.

Акыр иаԥсоу арҵаҩцәа! Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит ҳхәыҷқәа ирыду шәааԥсаразы, иҿымцәааит ахааназы шәнапы злаку аус ахь ишәымоу агәбылра амца.

Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, арҿиаратә еихьӡарақәа шәызну амҩаҟны, адырра иазҿлымҳау аҵаҩцәа шәыгымзааит».

 

 


Read 299 times - Ашәахьа, 10 Жьҭаара 2022 22:34
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.