АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Ԥхынгәы.2025

Агастрофестивали ахәаахәҭратә цәыргақәҵеи мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа, нанҳәамза 6 рзы.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 6 рзы Аҟәа ақалақь амшын аԥшаҳәа аҿы имҩаԥысраны иҟоуп агастрофестивали ахәаахәҭратә цәыргақәҵеи. Уи рхы аладырхәуеит ареспублика араионқәеи зегьы, иара убас Аҟәа ақалақь.  

Иара убас уи аҽны имҩаԥгахоит аныҳәатә концерт, уи рхы аладырхәуеит аԥснытәи урыстәылатәи аестрада артистцәа. Амшын аԥшаҳәаҿы иалагахьеит асцена ашьақәыргылара.

«Аҟәатәи амшынтә баӷәаза аҿы алашара-музыкатә фонтан аартра аламҭалазы урыстәылатәи афонд «Добрые технологии» аконцерт еиҿнакаауеит. Уи азы ишьақәыргылахоит зыҩӡара ҳараку алашареи абжьи рыла еиқәыршәоу асцена», – ҳәа иҳәеит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба.

Агастрофестиваль аплошьадка аҿы ишьақәыргылахоит афудкорт ҳәа изышьҭоу афатәқәа ргьама абара азы иазоужьу аҭыԥқәеи ацәыргақәҵа-хәаахәҭратә стендқәеи.

Аҽны имҩаԥгахоит еиуеиԥшым арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа, ахыци ахәымпали рыла ахысразы аицлабрагьы уахь иналаҵаны.

«Афестиваль рхы аладырхәуеит Аԥсны абыжь раионк, урҭ аҭааҩцәа ирыдыргалоит дара иҭрыжьыз рыфатә аалыҵқәа, араион аҿы иҭрыжьуа, иаадрыхуа еиуеиԥшым аалыҵқәа. Ахәаахәҭратә цәыргақәҵа аҿы ицәыргақәҵахоит аҭыԥантәи аҭыжьыҩцәа раалыҵ – аҳаԥшьаӡратәи  ажьаҳәа иаҵхәуи аалыҵқәа, уҳәа убас ирацәаны, – ҳәа иҳәеит Константин Ҭарба.


Read 261 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.