Афорум акыр инарҭбаау апрограмма амазаауеит ҳәа иазыԥшуп. Апрограмма иалагалоуп арҿиаратә хырхарҭақәа фба, хымш рыла 160 инареиҳаны аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥгахоит, аҟазара-аклассқәа, аекспертцәа рԥылара, адискуссиақәа, арт-школқәа, алекциақәа, аконцертқәа, аныҟәарақәа.
«Ари доусы илшарақәа раарԥшразы еиԥш иԥхьагылоу арҵаҩцәа рҟынтәи адыррақәа раиуразы, акультура, аҟазара, аҵарадырра, уҳәа рҿы ҳаамҭазтәи азнеишьақәа реилкааразы иуникалу ҭагылазаашьоуп», - ҳәа еиҭалҳәеит Милана Хоџьаа.
Алахәылацәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп — А. Чичба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭа аҵаҩцәа, А. Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭеи Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура аҵараиурҭеи аҵаҩцәа.