АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 15:32

Аҟәа Амилаҭтә сахьатә галереиа официалла иаатит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Амилаҭтә сахьатә галереиа шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара амҩаԥгара ашьҭахь иаатит.

Агалереиа аартра иадҳәалоу ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Урыстәыла акультура аминистр ицхырааҩ  Павел Карташиов.

Бадра Гунбеи Сергеи Кириенкои ацаха ҟаԥшь ԥырҟеит.

1997 шықәсазы Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба иӡбамҭала Амилаҭтә сахьатә галереиа иазоужьын Аҟәа ақалақь, Пушкин имҩа 8 ала игылоу, ареволиуциа ҟалаанӡа аҳәса ргимназиас иҟаз ахыбра.

Араҟа иалагеит раԥхьатәи аиҭашьақәыргыларатә усурақәа, аха аԥаратә хархәагақәа разымхара иахҟьаны урҭ аамҭала иаанкылан.  Иҳаҩсыз ашықәс азы, ажьырныҳәамза 20 – 21 ауха, агалереиа аколлекциа ахьҭаҵәахыз Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахыбра аҩбатәи аихагыла амца акит.  Иҟалаз абылра иахҟьаны амца иалаблит 1963 шықәса раахыс афонд аҿы еизыргоз 4000 цыра инареиҳаны асахьақәа, реиқәырхара алыршахеит  200 сахьа мацара инарзынаԥшуа.

Урыстәылатәи ареставраторцәа еиқәхаз аусумҭақәа реиҭашьақәыргыларазы ацхыраара ҟарҵеит. Асахьақәа рҟынтәи 80% аконсервациа рызун, урҭ рахьынтә Урыстәыла зеиҭашьақәыргылара аҭаху ыҟоуп.

 


Read 57 times - Асабша, 12 Ԥхынгәы 2025 10:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.