Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аблабара адиагностика азы еиҭаҵуа акомлекс жьҭаарамза 3 – 4 рзы Ҭҟәарчал ақалақь аҿы аус аулоит.
Апациентцәа рыдкылара мҩаԥыслоит Ҭҟәарчал ақалақь араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿаԥхьа асааҭ 09:00 инаркны 17:00 рҟынӡа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара Аминистрра иҟанаҵаз аҳәарала, аҳақьым Шаталов ихьӡ зху аклиника ареспубликаҟа иаанашьҭит арефракциатәии ахәыҷтәи офтальмохирургцәа. Убри иабзоураны иахьа алшара ыҟоуп 6 шықәса зхыҵхьоу ахәыҷқәа рыблабара агәаҭара адиагностика аҟаҵара азы.
Урыстәылатәи офтальмологцәа Аԥсны русура аамҭа иалагӡаны игәарҭахьоу ауаа рхыԥхьаӡар иахьазы 445-ҩык рҟынӡа инаӡоит.
Аҷаларатә чымазарақәа змоу апациентцәа рыдкылара мҩаԥысӡом.
Апациентцәа излауа ала ирыцзароуп рхаҭара шьақәзыргыло усшәҟәык иадамзаргьы.
Адиагностикатә комплекс егьырҭ араионқәеи аиланхарҭатә пунктқәеи рҭаара аныҟало азы адырра агәабзиарахьчара Аминистрра ала заанаҵы иҟаҵахоит.
Аконсультативтә цхыраара зегьы хәыда-ԥсада имҩаԥысуеит.