АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 21:31

Зыхәԥсаҵәҟьа 50 ԥсар иҟоу агәаларшәагатә банкнота «Дельфин» аӡыргара мҩаԥган Гонконг имҩаԥысуаз ахәаахәҭра-цәыргақәҵа аҿы.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Амилаҭтә банк рашәарамза 19 – 22,  2025 ш. Гонконг имҩаԥысуаз XIV Жәларбжьаратәи анумизматтә ахәаахәҭра-цәыргақәҵа (HKINF) ахы аланархәит.

HKINF Азиа идуӡӡоу  анумизматикатә хҭысны иҟоуп, уи адунеи 40 инареиҳаны атәылақәа рҟынтәи акредиттә еиҿкаарақәеи хазхаҭалатәи аколлекционерцәеи рхы аладырхәеит.

Аԥсны Абанк иааиԥмырҟьаӡакәа иԥхьагылоу жәларбжьаратәи анумизматикатә цәыргақәҵақәа, аконференциақәа ахы аланархәеит, Европа, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Азииа ихадоу анумизматикатә ҭыжьымҭақәа рҿы апубликациақәа рыла иқәгылоит.  Ари Аԥсны Абанк HKINF аԥшьынттәи алахәхара ауп, уи азаиаттә хырхарҭа иахьатәи амш азы зегьы реиҳа аперспектива злоу акакәны иԥхьаӡоуп.  Ацәыргақәҵа идуӡӡоу анумизматикатә плошьадка аҳасабала ишьақәгылоуп, уи аҿиара бзиеи адҵаалара ӷәӷәагьы амоуп. Араҟа аԥснытәи аԥараҿырԥқәеи абанкнотқәеи азҿлымҳара ду аиуит.

Сынтәа Аԥсны Абанк асериа «Аԥсны афауна» («Фауна Абхазии») иацызҵо, зыхәԥсаҵәҟьа 50 ԥсар иҟоу иҿыцу агәаларшәагатә банкнота «Дельфин» аӡыргара мҩаԥнагеит. 2023–2024шш. рзы иарбоу асериа аҿы иҭыжьын абанкнотақәа  «Ахьшь» («Ястреб»), «Кавказтәи зыжәла бзиоу абнаҽацә» («Кавказский благородный олень»), «Алышькьынтыр» («Леопард»).

Аԥсны Абанк абанкнотқәа даара азҿлымҳара бзиа аиуит: урҭ адунеи 30 тәыла рҟынтәи аколлекционерцәа рыла иаахәан, адҵааларақәа ирыцҵан ацәыргақәҵа анхыркәшаха ашьҭахьгьы. Иара убас ацәыргақәҵа аҿы иӡырган 2026 шықәсазы иҭыжьыз абанкнотқәа ремиссиа «Нестор Лакоба», «Аԥарԥалыкьқәа» («Бабочки»).

Ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рылахәхара Аԥсны Абанк иазаанартуеит аусуратә еимадаратә лшара ҿыцқәа.  Ахәҭакахьала, гонконгтәи ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥараҿырпытә еилазаарақәеи аукционтә ҩнқәеи аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵан. Аԥсни Абанки иарбоу аиҿкаарақәеи аусеицура рыбжьарҵахьеит.


Read 77 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.