АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Лаҵара.2025

Жәлар Реизара-Апарламент аҿы адгьылтә зҵаарақәа быжьба рзы аӡбамҭақәа рыдыркылеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩаша, лаҵарамза  20 рзы имҩаԥысыз  асессиа аилатәара амшхәаԥштә иалагалаз адгьылтә зҵаарақәа быжьба рзы аӡбамҭақәа рыдыркылеит.  

Жәлар Реизара-Апарламент Аминистрцәа Реилазаара азин анаҭеит:

– Гагра араион Ԥсахара ақыҭан иҟоу, зымҽхак 1,06 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыл «ақыҭанхамҩа иазку адгьыл» акатегориа аҟынтәи  «акурорт-зҩыдахаратә зкызаара змоу адгьыл» акатегориа ахь аиагара;

– Гәылрыԥшь араион Дранда ақыҭан иҟоу, зымҽхак 0,53 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыл «ақыҭанхамҩа иазку адгьыл» акатегориа аҟынтәи  «аакурорт-зҩыдахаратә зкызаара змоу адгьыл» акатегориа ахь аиагара;

– Очамчыра араион Елыр ақыҭан иҟоу, зымҽхак 5,2 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыл асанатор-курорттә ҟазшьа змоу ахыбра аргыларазы Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Анана-24» исымшатәи ахархәаразы аҭара;

– Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан иҟоу, зымҽхак 0,06 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыл «ақыҭанхамҩа иазку адгьыл» акатегориа аҟынтәи «аиланхарҭатә ҭыԥ иазку адгьыл» акатегориа ахь аиагаразы;

– Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан иҟоу, зымҽхак 0,06 гектар рҟынӡа инаӡо «ақыҭанхамҩа иазку адгьыл» акатегориа аҟынтәи «аиланхарҭатә ҭыԥ иазку адгьыл» акатегориа ахь аиагаразы;  

– Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭан иҟоу, зымҽхак 0,06 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыл «ақыҭанхамҩа иазку адгьыл» акатегориа аҟынтәи «аиланхарҭатә ҭыԥ иазку адгьыл» акатегориа ахь аиагаразы;

– Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭан иҟоу, зымҽхак 0,06 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыл «ақыҭанхамҩа иазку адгьыл» акатегориа аҟынтәи «аиланхарҭатә ҭыԥ иазку адгьыл» акатегориа ахь аиагаразы. 

 

 


Read 80 times - Ахәаша, 23 Лаҵара 2025 12:54
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.