АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 4:34

Бадра Гәынба гәдоуҭатәи абжьаратәи ашкол №1 аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпрессс. 25-ҩык Н. Лакоба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи абжьаратәи ашкол №1 аушьҭымҭацәа рзы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит.

Ашкол аушьҭымҭацәа дрыдныҳәаларц арахь дымҩахыҵит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба.

Аҳәынҭқарра Ахада ашкол аушьҭымҭацәа ақәҿиарақәеи аманшәалареи рзеиӷьаишьеит.

«Ҳаҭыр зқәу аушьҭымҭацәа! Сара гәык-ԥсыкала доусы шәнапы злашәкуа аусқәа зегьы рҿы ақәҿиарақәеи аманшәалареи шәзеиӷьасшьоит. Аџьабаа шәыдызбалаз шәырҵаҩцәа шәхашәмышҭын», - ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.

Бадра Гәынба доусу рыгәҭакқәа здырҳәаларц рҭаху азанааҭқәа ралхразы қәҿиарала ари амҩа ишаныло, урҭ Аԥсны аизҳазыӷьаразы ҳаԥхьаҟатәи аихьӡарақәа шьаҭас ишроуа агәра ганы дшыҟоу иҳәеит. Уи иара убас арҵаҩцәа ирбо аџьабаа азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Ҳара ҳхырхәоит ҳҳәынҭқарра уаҵәтәи аԥеиԥш знапы иану аҿар зааӡо арҵаҩцәа шәҿаԥхьа», - ҳәа иазгәеиҭеит Бадра  Гәынба. 

Ашкол адиректор Шьаризан Кьыркьнаӡе аушьҭымҭацәа дрыдныҳәало иазгәалҭеит:

«Мҩамш! Шәыгәҭакқәа зегьы нагӡахааит. Шәаԥхьаҟа ишьҭоуп аԥышәарақәеи ахыдҵақәеи аихьӡарақәеи рыла игәылҭәаахо аԥсҭазааратә амҩа ду, амҩа лаша! Гәык-ԥсыкала ақәҿиарақәеи аманшәалареи шәзеиӷьасшьоит» .

Шьаризан Кьыркьнаӡе иазгәалҭеит ашкол  №1 аушьҭымҭацәа раԥхьаҟа ирыхәаша адыррақәа шырнаҭаз, дара шьҭа ируалԥшьоу урҭ реихаҳареи аԥсуара апринцыпқәа рыла ԥхьаҟатәи рԥеиԥшь  ашьақәыргылареи.  

Лара ашкол аушьҭымҭацәа дрызгәдуны иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭалахьоу шыҟоу азгәалҭеит.

Аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит иара убас акыр шықәса инеиԥынкыланы аҷандаратәи абжьаратәи ашкол адиректорс аус зухьаз араион ахада Валери Аҩӡба.

«Ашкол №1 асовет аамҭақәа раахыс еицырдыруеит. Иахьагьы араҟа хра злоу атрадициақәа ирыцҵахоит. Имаҷымкәа ари ашкол аушьҭымҭацәа 1922-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аналага Рыԥсадгьыл ахьчаразы иҩагылеит», – ҳәа иҳәеит Валери  Аҩӡба.     

 

       

 


Read 23 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.