АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 15:40

Лаҵарамза 21 – Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш ауп.

Аҟәа. Лаҵарамза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. XIX ашәышықәсазы зықьҩыла аԥсуаа Рыԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылеи Ааигәа Мрагылара еиуеиԥшым атәылақәеи рахь ихҵәаны имцар ада ԥсыхәа рызымҭаз аурыс-кавказтәи аибашьра еилгеижьҭеи 161 шықәса ҵит. Лаҵарамза 21 рзы Аԥсни Нхыҵ Кавказтәи ареспубликақәеи рҿы иазгәарҭоит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара Амш.  

Лаҵарамза 21 рзы Аԥсны еиԥш Нхыҵ Кавказ ареспубликақәагьы рҿы иазгәарҭоит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара Амш. Агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит иара убас Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәагьы.

Аџьабара амш лаҵарамза 21 рзы азгәаҭара машәырым. Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш азгәарҭоит есышықәса лаҵарамза 21 рзы. Абри аҽны 1864 шықәсазы Гәбаадәы (иахьатәи  – Красная Поляна – АП азгә.) арратә парад мҩаԥысит шәышықәсабжак имҩаԥысуаз Кавказтәи аибашьра (1817-1864шш.) аилгара инамаданы. Ауаа ишҳәыԥкыз рыҩнаҭақәа ныжьны Османтәи аимпериахь ихҵәеит, уаантәи адунеи егьырҭ атәылақәа ирыланаԥсеит. Урҭ рахьынтәи ирацәаҩуп амҩан иҭахаз.

Иахьа гәалашәаратә акциақәа мҩаԥысуеит Аԥсны еиԥш, кавказтәи адиаспора ахьынхо атәылақәа зегьы рҟны.

Ари амш аҽны Аҟәа амҳаџьырқәа ргәалашәара иазку аныҟәара еиҿкаахоит. Акциа алахәылацәа аԥсуеи адыгеи бираҟқәа, аҵәыџьмцақәа кны Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟынтәи амҳаџьырцәа рбаҟа аҟынӡа инеиуеит. Амҳаџьыраа рыԥшаҳәа аҿы зыԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылаҟа мҳаџьырра ацара зықәшәаз Аԥсны ауааԥсыра ргәалашәара иазку амемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит, абаҟа аҿаԥхьа Ашьамаҟа рблуеит, итрадициатәу Нарҭаа рымца еиқәырҵоит. Агәаларшәаратә усмҩаԥгатә ахыркәшамҭазы, уи алахәылацәа ашәҭқәеи ашәҭрқьақьақәеи амшын ихырҵоит.

Лаҵарамза 31, 1990 шықәса рзы Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы агәалашәаратә хаҳә шьҭарҵеит, цәыббрамза, 2010 шықәса рзы уи аҭыԥан абаҟа дыргылеит.  Абаҟа аџьаз иалху аҿыуаҩи уи иҽыҩи рсахьа аазырԥшуа аскульптура ауп. Аҽыуаҩ ажәҩанахь ирхоу иҭачкәым акәзар – ҳажәлар реиҭаира иасимволуп. Амҳаџьыраа ргәалашәара иазку аскульптура автор – еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхҩы, аскульптор Геннади Лакоба иоуп.

Аԥсны амҳаџьыраа ргәалашәара Амш 2011 шықәсанӡа иазгәарҭон лаҵарамза 31 рзы,  2011 шықәса раахыс  – лаҵарамза 21 рзы.

___

Рҽеидкыланы аԥсуаа рыԥсадгьыл ааныжьны рцара аиҳарак изыхҟьаз атәы еицырдыруа аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩы Гьаргь Ӡиӡариа ифундаменталтә усумҭа «Амҳаџьырреи ХIХ ашәышықәсазтәи Аԥсны аҭоурых апроблемақәеи» аҿы иарбоуп:

 – Аурыс аҳра Кавказ инанагӡоз аколониалтә политика;

– Ари адгьылҵакыра ампыҵакра иашьҭаз асулҭантә Ҭырқәтәыла имҩаԥнагоз агрессивтә акциақәа;

– Ҭырқәтәыла иадгыланы Урыстәыла Ааигәа Мрагылараҿы апозициақәа рыркәадара иашьҭаз мраҭашәаратәи, аиҳарак англызтәи аколонизаторцәа инарыгӡоз апровокациатә роль;

– Аҭырқәцәа ирыдызцәылоз ареакциатә феодалтә идиологиа иадгылоз аҭыԥантәи ҭауади-аамсҭеи рчарҳәара.  

Акыр аҵанакуан адинхаҵаратә факторгьы. Атәыла ауааԥсыра рыхәҭак иныҟәыргоз амсылмантә дин  аҭырқәа сулҭан амсылманцәа зегьы иреиҳаӡоу ахылаԥшҩны дыҟоуп ҳәа ирыланарҵәон. Асоциалтә напхгараҭара знапы иакыз рхы иадырхәон ашәышықәсала ишьақәгыланы иҟаз аҵасқәеи аимҭашьҭратә еизыҟазаашьақәеи.

Аурыс аҳра Кавказ арра-колониалтә режим ашьақәыргылара азы аҽазышәарақәа ашьхарыуа жәларқәа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аҿиара ахылҿиаауан. Аҳ иеинралцәеи ачынуааи рҽазҵәылхны «мчыла аиқәкра» аметодқәа нарыгӡон. Уи рхы иадырхәон аҳра зуаз англызтәии аҭырқәатәи аелита. Урҭ рхықәкқәа рынагӡара мацара иазхәыцны еиҳагьы аҭагылазаашьа дыруадаҩуан. 

XIX ашәышықәса актәи азыбжазы убасҵәҟьа Кавказ иқәынхоз ауааԥсыра рыхәҭак, аԥсуаагьы уахь иналаҵаны ихҵәаны Ҭырқәтәылаҟа рцара афактқәа аҭыԥ рыман.  

Кавказ ашьхарыуаа жәларқәа раԥхьаӡа рҽеидкыланы аҳәаанырцә рцара ҟалеит 1859 – 1865 шш. рзы.

1867 шықәсазы иҟалаз амҳаџьырра ԥхынгәымза 26, 1866 шықәсазы Лыхны ақыҭан ажәлар рықәгылара иахҟьеит. 20 нызықьҩык аԥсуаа Аԥсны ааныжьны мҳаџьырра ицеит.  

ХIХ ашәышықәсазы  зегьы иреиҳаз амҳаџьырра ҟалеит 1877 шықәсазы, усҟан Аԥсны ааныжьны ицеит  50 нызықьҩык аԥсуаа.

 

 


Read 57 times - Аԥшьаша, 22 Лаҵара 2025 02:16
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.