Анаҩстәи ашьаҿа – Анапхгара Апарламент аҿаԥхьа аҭакԥхықәра ашьҭыхра, аха амчрақәа рыбжьара азинмчқәа реиҭаеихшара акәымкәа, еилаԥсоу асистема ала иалху Апарламент Аԥсны апрокурор хадеи, Аԥсуа телехәаԥшра ахантәаҩи, агазеҭқәа «Республика Абхазия», «Аԥсны», аинформациатә маҵзура «Аԥсныпресс» аредакторцәеи, Аԥсны Амилаҭтә Банк аиҳаби ркандидатурақәа Жәлар Реизара ишьақәнарӷәӷәаларц.
Ауаажәларратә Палата алахәыла Ҭамаз Кецба иажәақәа рыла, аконституциатә еиҭакрақәа рыпроект аҿы атәыла Анапхгара иҿыцу ашьақәыргылашьа азԥхьагәаҭоуп.
«Аԥыза-министр икандидатура ашьақәырӷәӷәаразы адепутатцәа ирыдигалоит Аҳәынҭқарра Ахада. Апарламент уи шьақәнамырӷәӷәар, усҟан акандидатура ақәыргыларазы аԥшьгара азин Апарлаамент ахь ииасуеит. Адепутатцәагьы акандидатура ашьақәырӷәӷәара рылдмыршар, аԥшьгаратә зин ҩаԥхьа Аҳәынҭқарра Ахада иахь ииасуеит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Ҭамаз Кецба иажәа иацҵо иҳәеит: Атәыла А ?хада Жәлар Реизара адепутатцәа аԥыза-министрс ирыдигало акандидатурақәа ҩынтәны мап ркыр, урҭ реимырпреи атәыла иреиҳау азакәанԥҵаратә Усбарҭа ахь иҿыцу алхрақәа рылаҳәареи рзы азин имоуп.
Иара игәаанагарала, ари апроцедура анагӡаратәии азакәанԥҵаратәии амчрақәа рус азнеишьа аиқәымшәара аԥхьырӷәӷәаар алнаршоит:
«Хымԥада иазгәаҭатәуп, атәыла Анапхгара иҿыцу аԥҟарақәа рыла ашьақәыргылара аҵакы аманы иҟалоит Апарламент адепутатцәа иҿыцу алхратә закәан ала ралхра алыршахар мацара. Уи азакәанԥҵаратә усбарҭа аполитикатә процесс инагӡоу, ззин хаҭәаау субиектны иҟанаҵоит».
Аинформациатә политикеи ажәа ахақәиҭреи рзы Акомиссиа ахантәаҩы Руслан Ҳашыг иара зыдгалара мҩаԥгаз азнеишьа дшадгыло, уи иара игәаанагарала аҳәынҭқарратә массатә информациа ахархәагақәа рыстатус шышьҭнахуа азгәеиҭеит:
«Хәы-шықәса раԥхьаареспубликатә газеҭқәа «Республика Абхазия», «Апсны», иара убас аинформациатә Маҵзура «Аԥсныпресс» аредактор хадацәа Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟ ала иаҭахозҭгьы,иахь иарбоу аиҿкаарақәа раԥҵаҩыс иԥхьаӡоу анапхгараҭара «Аԥсныеимадара» атехникатә усбарҭа ала иаԥҵаз «Аԥснымедиа» ауп.
«Амассатә информациа ахархәагақәа – ари ауаажәларратә хылаԥшра алыршаразы акырӡа зҵазкуа аусбарҭа ауп, ас еиԥш астатус аларҟәра урҭ русура хра злам анырра анаҭоит», – ҳәа игәаанагара иҳәеит Руслан Ҳашыг.
Апроект инарҭбааны ахәаԥшреи алацәажәареи рышьҭахь Ауаажәларратә Палата алахәылацәа рыла еицҿакны ишьақәырӷәӷәан. Анаҩстәи ашьаҿа – уи азы алкаа аҟаҵареи, анаҩс уи Аҳәынҭқрра Ахадеи Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳаби рахь анашьҭреи роуп.