Адомино азы аҟәатәи акоманда ахаҭарнакцәа Урыстәыла Ачемпионат аҿы зеиӷьаҟам алҵшәақәа аадырԥшит. Алмас Габуниа, аԥснытәи акоманда алахәыла, актәи аҭыԥ ааникылеит, иара убри ала иарбоу адисциплина аҿы 2025-тәи Урыстәыла Ачемпионат дачемпионхеит. Алмас Габуниа иара убас ааигәа имҩаԥысыз адомино азы Аԥсны ачемпионат афиналистс дҟалеит. Владислав Касланӡиа ахәбатәи аҭыԥ ааникылеит, Ҭеимураз Лакербаиа атурнир хиркәшеит ажәабатәи аҭыԥ ала.
Арҭ аихьӡарақәа Аԥсны аспорт хкы аҳасабала адомино аҿиара аҿы лагала дууп, уи иара убас иарбоу аусхкы аҿы жәларбжьаратәи аимадарақәа рырӷәӷәара иацхрауеит.