Иахьа Ареспублика Аԥсны ԥхьаҟатәи аԥеиԥш агәра ганы иахәаԥшуа, ажәлар иалырхыз амҩа иану, ишьақәгылахьоу иазхаҵоу аҳәынҭқарра аҳасабала акыр зҵазкуа арыцхә азгәанаҭоит.
Агәра ганы сыҟоуп, аҳәынҭқаррабжьаратәи аизыҟазаашьақәа, аҩганк ирзыфеидоу ҳусеицура, апатуеиқәҵареи агәреибагареи рышьаҭала аринахысгьы хра злоу аҿиара шаиуо», - ҳәа иаҳәоит Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада иҟаиҵаз адныҳәалара аҿы.
Алан Гаглоев Аслан Бжьаниа изеиӷьаишьеит агәабзиара, агәамч, инапы злаку аҳәынҭқарратә усура аҿы ақәҿиара дуқәа, Аԥсны ажәлар зегьы – аҭынчра, аизҳазыӷьара, ахирра.
«Ахьыԥшымра аиура Аԥсны аԥеиԥш аҿы акырӡа зҵазкуа ароль нанагӡеит, хра злоу аҿиаразы инарҭбаау аперспективақәа аанартит, амилаҭтә ҟазшьаҷыдара, аԥсуа жәлар ркультуратәии рдоуҳатәии аҭынха аиқәырхара азы агарантиақәа аԥнаҵеит.
Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы ареспублика аҳәынҭқарратә шьақәгылара аҿы имаҷымкәа ақәҿиарақәа аҭыԥ аман, аекономикатә, асоциалтә, акультуратә ҿиара мҩаԥысуан. Ареспублика аԥсҭазаара аҿы хра злоу аиҭакрақәа уи анапхгара ишәа-иза инанагӡо аполитикатә курс, ауаажәларра-политикатә ҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рырӷәӷәара, иара убас зегьы раԥхьаӡа иргыланы, аԥсуа жәлар рҟәыӷареи рыгәҭакы анагӡараҿы рымаашьареи ишиашо иадҳәалоуп», - ҳәа иазгәаҭоуп Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика Ахада Казбек Коков иааишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы аҿы.
«Аԥсуа жәлар знысыз амҩа акыр имариам, аха ажәлар ракзаареи апатриотизм иашеи ирсимволны иҟалаз акыр зҵазкуа аҳәынҭқарратә ргылара амҩа, иуадаҩу агеополитикатә процессқәа рҿаԥхьа ареспублика ашьақәгылара, иара убас уи аԥеиԥш бзиа ачаԥара ашьаҭа арӷәӷәоит», - ҳәа иаҳәоит Ҭаҭарсҭан Ахада Русҭам Минниханов иааишьҭыз ателеграмма аҿы.
«Цәыббрамза 30 рзы Ареспублика Аԥсны ҳаҭырла иргәаладыршәоит 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз афырхацәеи Аԥсынтәыла асуверенитет зыхьчаз иахьа зыԥсы ҭоу аветеранцәеи.
Иахьа ихьыԥшым Аԥсны қәҿиарала ҳаамҭазтәи адемократиатә аҳәынҭқарра аҿиарамҩа иануп. Убри аан уи ҳҳәынҭқаррақәа ирыбжьоу аиҩызареи астратегиатә партниорреи рыла ишьаҭарку аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыҩаӡара есааира аизырҳара акурс иқәныҟәоит», - ҳәа иаҳәоит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала иааишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы аҿы. говорится в поздравлении посла России в Абхазии Михаила Шургалина.