АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Мшаҧы.2025

Гагра ақалақь аҿы хҩык аботулизм рыдырбалеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра ақалақь аҿы хҩык аботулизм рыдырбалеит.

Асанитар-епидемиологиатә Маҵзура заанаҵтәи адыррақәа рыла, ичмазаҩхаз ауаа ирфаз амшынаалыҵ рԥырхагахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.  

Аботулизм ҳәа адиагноз ззықәыргылаз хҩык ауаа Шәачатәи иҷыдоу амедусбарҭақәа рахь идәықәҵахеит. Урҭ иахәҭаз амедицинатә цхыраара рыҭахеит, уажәазы дара илрҩаахьеит, рҭагылазаашьа шәарҭаӡам. Уаҳа аботулизм иадҳәалоу ахҭысқәа аарԥшӡам.

Иарбоу ачымазара зыхьыз ауаа ирфаз ирҩоу аԥсыӡ  рԥырхагахеит ҳәа раԥхьа ицәырҵыз аверсиа уажәазы ишьақәырӷәӷәаӡам, агәаҭарақәа мҩаԥысуеит, алабораториатә ҭҵаарақәа ҟарҵоит. Асанитартә-епидемиологиатә Станциа агәаҭарақәа ирыцҵахоит.

Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра ӷәӷәала абжьагара ҟанаҵоит аконсервациа зызуу акәаци аԥсыӡи раалыҵқәа, иара убасгьы иҳауадоу аалыҵқәа раахәараан, урҭ зҭоу еибгоума, иҭчааума, аҿҳәара цахьоу имцацу ирыхәаԥшларц.

Аботулизм ҳәа изышьҭоу аинфекциа аҳауаҿы иҟоу ацәыкәбарқәа рыла еиҭаҵӡом, зхаҭабзиара бааԥсу ачыс анырфалак мацара ауп уи ачымазара анцәырҵо.

 

 


Read 175 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.