АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Мшаҧы.2025

Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ҩ-тәылауаҩрак амазаара азҵаарақәа рҭышәныртәаларазы Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәаразы ашәҟәқәа реимдареи ашьақәырӷәӷәаратә шәҟәқәа реимдареи рзы Аԥкаанҵа анапаҵаҩреи.

Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ҩ-тәылауаҩрак амазаара азҵаарақәа рҭышәныртәаларазы Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәаразы ашәҟәқәа реимдареи ашьақәырӷәӷәаратә шәҟәқәа реимдареи рзы Аԥкаанҵа анапаҵаҩра мҩаԥысит.

2025 шықәса мшаԥы 25 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Москва, 2022 шықәса цәыббра 27 азы анапы зҵаҩыз, 2022 шықәса ԥхынҷкәын 30 азы Аԥсны Жәлар-Рпарламент аҿы ишьақәдырӷәӷәаз, 2023 шықәса ԥхынгәы 10 азы Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә еизара ишьақәнарӷәӷәаз Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ҩ-тәылауаҩрак амазаара азҵаарақәа рҭышәныртәаларазы Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәаразы ашәҟәқәа реимдареи аратификациатә шәҟәқәа реимдареи рзы Аԥкаанҵа анапаҵаҩреи.

Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини.

Аиқәшаҳаҭра амчра аиуеит ашьақәырӷәӷәаратә шәҟәқәа реимдара аҽны – 2025 шықәса мшаԥы 25 инаркны.

 


Read 178 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.