АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Мшаҧы.2025

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра АА ААР Иҷыдоу аотриад аусзуҩцәа дрыдныҳәалеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада АА ААР Иҷыдоу аотриад быжь-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә далахәын.

«Аҩызцәа аофицерцәа!

Ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра  Ирласны анырра аҟаҵаразы Иҷыдоу аотриад быжьшықәса ахыҵра. Шәара шәыпрофессионалра ала ацәгьоура аҿагылара иазку иарбанзаалак ауснагӡатә анагӡара шәшазхиоу шьақәшәырӷәӷәеит. ААР Иҷыдоу аотриад аҟны аррамаҵура иахысуеит иарбан ҭагылазаашьак еффективла, хамеигӡарада ииашаны ақәҿыҭра зылшо. Агәра згоит ари архәҭа аринахысгьы аҩаӡара шыҳаракхо анапынҵақәа рынагӡараҟны», – иҳәеит Гәынба Бадра.

Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит Иҷыдоу аотриад атәылауаа ршәарҭадара алыршареи урҭ рконституциатә зинқәа рыхьчареи рзы ҷыдала аҭакԥхықәра шаду атәы. 

«Шәара ҷыдала аҭакԥхықәра шәыдуп атәылауаа ршәарҭадара алыршареи урҭ рконституциатә зинқәеи рыхьчареи рзы. Атәыла анапхгара Иҷыдоу аотриад аматериал-техникатә еиқәыршәара азҵаарақәа хшыҩзышьҭра анаҭалоит аԥхьаҟагьы», – ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада. 

Гәынба Бадра Иҷыдоу аотриад аусзуҩцәеи аветеранцәеи ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аихьӡарақәа арратә маҵзураҟны, иара убас урҭ рҭаацәа – аҭынчреи ахирреи.

 

 

 

 

 

 

 


Read 178 times - Асабша, 26 Мшаҧы 2025 17:18
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.